Авторизация:

Ашьха Ҟарабах имҩаҧгахоит ConIFA-2019

Ашьха Ҟарабах имҩаҧгахоит ConIFA-2019
20 августа 2018 16:40 2883
Аҧсадгьыл-инфо, 20 2018 ш.  

2019 ш. рзы ConIFA Европа ачемпионат мҩаҧгахоит Ашьха Ҟарабах.

Аҧсадгьыл-инфо, август 20 2018 ш. Атурнир мҩаҧысуеит иун мзазы Ашьха Ҟарабах аҳҭны-қалақь Степанакерт. Абри атәы аанацҳауеит ConIFA асаит.

«Лондон 2018 шықәсазы қәҿиарала имҩаҧгаз адунеи ачемпионат ашьҭахь, иааиуа атурнир уиаҟара адунгеи аҿы ирзымдыруа, аха иҧшӡоу аҭыҧ аҿы иахьымҩаҧааго ҳаигәырӷьоит», - иҳәеит ConIFA апрезидент Пер-Андерс Блинд.

2019 шықәса рзы Европа ачемпионат иалахәхоит 12 команда. Урҭ рахьынтәи ҧшьба уажәазы еилкаауп - 2017 шықәсарзтәи Аҩада Кипр имҩаҧгаз Европа ачемпионат аҿы иаиааиз Паданиа, уаҟа афинал аҿы ихәмаруаз Аҩада Кипр акоманда, сынтәа адунеи иачемпионхаз Карпаталиа, иара Ашьха Ҟарабах акоманда. Егьырҭ аа-командак еилкаахоит ианвар 2019 шықәсазы ConIFA алахәылацәа реизараҿы.

Ашьха Ҟарабахтәи ашьапылампылтә федерациа еиҿкаан 2012 ш. рзы. 2014 ш. рзы Ҟарабахтәи акоманда ConIFA Швециа имҩаҧнагаз актәи атурнир иалахәын.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений