Авторизация:

«Аԥсар» амилаҭтә хәмаррақәа рзы Аԥсны ачемпионат аҿы аиааира агеит

«Аԥсар» амилаҭтә хәмаррақәа рзы Аԥсны ачемпионат аҿы аиааира агеит
29 ноября 2026 08:06 56
Апсадгьыл-инфо, 29 ноября 2026 г.  

Афон Ҿыцтәи акоманда «Аԥсар» амилаҭтә хәмаррақәа рзы Аԥсны ачемпионат аҿы аиааира агеит, ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Ҷлоу ақыҭа ахаҭарнакцәа, ахԥатәи - Кәтол ақыҭантәи акоманда.

Ачемпионат ахыркәшаратә хәмаррақәа мҩаԥысит абҵара 28 рзы Лыхнашҭа. Афиналтә етап аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа еицлабуан амилаҭтә хәмарра «Аимҵакьаҷара», иара убас адисциплинақәа «Акьан ахалара», «Ахаҳәырԥа», «Алабашьаршәра» рҟны.

Ачемпионат аихшьаалақәа рыла иреиӷьу ахәмарыҩцәагьы алкаахеит. Урҭ Сандро Сангәлиа (Кәтол), Сандро Аиба (ашкол №5), Дауҭ Рекәаа (ашкол №1), Асҭамыр Инаԥшьба (Ҷлоу), Аруҳан Гәыбаз (Афон Ҿыц) ракәхеит.

Алабашьаршәразы аицлабрақәа рҿы аиааира игеит Осман Тәанба. Адисциплина «Ахаҳәырԥа» аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит Уллис Смыр, аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Андреи Ампигиан, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Асҭамыр Инаԥшьба.

«Аимҵакьаҷара» азы аԥхьахәгараҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит Е.А. Ешба ихьӡ зху абжьаратә школ №5 акоманда, аҩбатәи - Б. В. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1, ахԥатәи - Кәтол ақыҭа акоманда.

18 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз арԥарцәа рыбжьара «Ахаҳәырԥа» адисциплинаҿы зегьы дреиӷьхеит Аихан Ҭаиар (ашкол №1), араӡны медал занашьоу - Азамаҭ Ҳаџьымба (ашкол №5), аџьаз медал занашьоу - Сандро Џьынџьал (Кәтол). «Алабашьаршәра» аҿы аиааира игеит Баграт Сангәлиа (Кәтол).

Ачемпионат азеиԥш аԥхьахәтә фонд 600 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений