Авторизация:

Бенжамен Павар иҭаиршәыз ампыл зегь реиҳа еиӷьуп

Бенжамен Павар иҭаиршәыз ампыл зегь реиҳа еиӷьуп
25 июля 2018 21:41 2235
Аҧсадгьыл-инфо, 25 2018 ш.  

Аҧсадгыл-инфо, иул 25 2018 ш. Франциатәи ашьапылампыл асҩы Бенжамен Павар Аргентина амба иҭаиршәыз амыпл адунеи ачемпионат аҿы зегь реиҳа иреиӷьу мпылуп ҳәа иҧхьаӡоуп.

Абас рыӡбеит ФИФА асаит аҿы зыбжьы зҭииз ашьапылампыл абзиабаҩцәа. Абжьыҭира иалахәын х-миллионҩык инареиҳаны. Абри атәы аанацҳауеит FIFA.com.

22 ш. зхыҵуа Франциатәи акоманда ахьчаҩ ампыл ҭаиршәит 57-тәи аминуҭ азы 1/8 афинал аҿы. Уи ахәмарра 4:3 ҳәа ихыркәшан афранцызцәа риааирала. Иазгәаҭатәуп Павар раҧхьаӡа акәны ампыл шҭаиршәыз еизгоу акомандаз.

«Ахәыцха аамҭа сымаӡамызт. Ажәылаҩцәа ишсарҳәахьаз сазхәыцын, сасит. Уи зегьы ирццакны иҟасҵеит, ианҭашәа даара сгәырӷьеит», - иҳәеит Бенжамен Павар.

Абжьыҭираҿы аҩбатәи аҭыҧ ааннакылеит колумбиатәи ахәмарҩы Хуан Кинтеро Иапониатәи акоманда амба иҭаиршәыз ампыл, ахҧатәи аҭыҧ агеит адунеи ачемпионат аҿы иреиӷьыз ашьапылампыл асҩы ҳәа зыхьӡ ҳәаз Лука Модрич Аргентинаа рымба иҭаиршәыз ампыл.

Зынӡа Урыстәыла имҩаҧгаз адунеи ачемпионат аҿы 64 хәмарра рҟны иҭаршәын 169 мпыл, иреиӷьу ҳәа алхразы иқәгылан 18.

ФИФА 2006 ш. раахыс имҩаҧнагоит иреиӷьу ампылқәа ралхра аконкурс. Усҟан аиааира агеит Аргентина акоманда ахәмарҩы Макси Родригес импыл, 2010 ш. рзы иреиӷьу ҳәа иалхын Диего Форлан (Уругваи) иҭаиршәыз ампыл, 2014 ш. рзы – Хамес Родригес (Колумбиа) импыл.

Абасала, уаанӡа аиааира згоз ампылқҵәа зегьы ҭазыршәхьаз Алада Америкатәи ахаҭарнакцәа роуп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений