Аҧсадгьыл-инфо, август 7 2018 ш. Иахьа ашьапылампыл азы Нигериа еизгоу аҿарацәа ркоманда Аҧсныҟа иааит.
Уаҵәы Аҟәатәи астадион «Динамо» аҟны, асааҭ 18 рзы Нигериеи Аҧсни ркомандақәа реиҧылара иалагоит.
Уаанӡа Қырҭтәылатәи ашьапылампылтә федерациа ФИФА ахь ааҧхьара ҟанаҵеит ари ахәмарра алдмыршарц азы.
Аҭакс Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ФИФА аетика азы акомитет ахь ашәҟәы рышьҭит Қырҭтәылатәи афедерациа ахымҩаҧгашьа ашьапылампыл аполитика аламҵара аконцепциа иахьынӡақәшәо иахәаҧшырц.
«Қырҭтәылатәи ашьапылампылтә федерациа ахәмарра аполитикатә ҟазшьа арҭарц ишаҿугьы, Аҧснытәи аминистрраҿы агәра ргоит ФИФА шадгылоу ашьапылампыл аҿиара амҩа», - ҳәа аҳәоит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә федерациахь ирышьҭыз ашәҟәаҿы.