Mitjet ахәбатәи аетап актәи аицлабраҿы даиааит 16 шықәса зхыҵуа автоныҟәцаҩ Данила Иванов
Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 21 2018 ш. Шәачатәи автодром аҿы имҩаҧысит Урыстәыла акубок агаразы Mitjet асериазы аицлабра ахәбатәи аетап.
Lukoil Racing акомандазы иқәгыло Дмитри Гвазава сынтәа аетапқәа зегьы дыриааихьан, иахьа аҩбатәи аҭыҧ игеит. Актәи ааникылеит Гвазава икоманда иалоу Данила Иванов. 16 ш. зхыҵуа автоныҟәцаҩ изы ари раҧхьатәи иааироуп.
«Ари хашҭшьа амам», - иҳәеит Данила Иванов афиниш ашьҭахь.
Иахьа Шәача имҩаҧгахоит аетап аҩбатәи аицлабрагьы.
Mitjet еиҿикааит афранцыз автоныҟәцаҩ Жан-Филипп Даиро. Иахьазы Mitjet асериаҿы ачемпионатқәа мҩаҧысуеит ф-ҳәынҭқаррак рҿы: Франциа, Италиа, Даниа, Еиду Америкатәи аштатқәа, Германиа, Урыстәыла.