Авторизация:

Борис Барцыц - Ironman

Борис Барцыц - Ironman
8 октября 2018 11:01 2276
Аҧсадгьыл-инфо, 8 2018 ш.  

Аспорттә клуб Sport Apsny» аиҳабы, акомпаниа «А-Мобаил» адиректор хада Борис Барцыц Ironman аицлабраҿы адистанциа зегьы дахысит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 8 2018 ш. Испаниатәи ақалақь Барселона имҩаҧгаз Ironman аицлабраҿы Борис Барцыц адистанциа зегьы дахысит – 3,86 км аӡсара, 180,2 км маланыҟәала аныҟәара, 42,2 км амарафон.

«Иааидкылан 226 km даанымгылаӡакәа 14:41:14 сааҭ рыла. Борис Барцыц раҧхьатәи аҧсыуоуп Ironman иахысыз», - ҳәа рыҩуеит Аҿар русқәеи аспорти рза Аҟәатәи аилак Facebook аҿы иҟоу адаҟьаҿы.

Борис Барцыц аицлабра ҟалаанӡа Instagram аҿы иҩуан:

«Ақалақь уаҵәтәи аицлабра иазыҧшуп. Шьыжьнаҵы сааҭк сыҩит, сааҭк амаланыҟәала сныҟәеит. Сыӡсаргьы ауеит, сшыҟало еиҧш. Амаланыҟәа ныҟәызцо рацәаҩуп. Зынӡа 3450 –ҩык аицлабра алахәхаразы иааит. Ақалақь хәыҷы Калелиа азы уи даара ирацәоуп. Сгәыӷуеит Аҟәагьы 1000-ҩык злаху атриатлон мҩаҧаагап ҳәа. Шьыбжьон амаланыҟәа атранзиттә зонахь ирысҭоит, астарт сазыҧшлоит. Уи уаҵәы 8:20 сааҭ рзы иҟалоит. Шаҟаҩык аицлабра иалаху ала, аӡы аҟынӡа 8:30 рзы ауп санызнеиуа. Афиниш аҿы ауха асааҭ 11 рзы сҟалап ҳәа сгәы иаанагоит. 14-15 сааҭ аҭаххоит аицлабра зегьы. Адистанциа зегьы - 4 км, 180 км, 42 км – ахысра ауп хықәкы хадас исымоу.

Ironman – атриатлон азы иауу адистанциаҿы аицлабра ауп. Уи мҩаҧнагоит атриатлон азы Адунеизегьтәи акорпорациа. Аицлабра иааиҧмырҟьаӡакәа ицо х-етапк рыла ишьақәгылоуп – аӡсара – 2,4 миль (3,86 км), маланыҟәала 112 миль(180,25 км) ашоссе аҿы аныҟәара, 26,2 миль (42,195 км) амарафонла аҩра.

Ironman атриатлон азы адунеи аҿы зегь реиҳа ицәгьоу, мышкы имҩаҧысуа еицлаброуп ҳәа иҧхьаӡоуп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений