Авторизация:

Беслан Аџьынџьал «Балтика» аанижьит

Беслан Аџьынџьал «Балтика» аанижьит
фото: сайт ФК "Краснодар"
23 июня 2018 15:57 2881
Аҧсадгьыл-инфо, 23 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, иун 23 2018 ш. Аҿартә шьапылампыл аҿиаразы аклуб «Балтика» адиректорс иҟаз Беслан Аџьынџьал иусура аанижьит.

Иара акомандаҿы шықәсык аус иуит.

«Сара даара гәахәарыла исыдыскылеит шықәсык Калининград сыҟазаара. Араҟа сқәыҧшра схызгеит. «Балтика» аҟны ауп профессионалтә шьапылампыл асҩык иаҳасабала сахьышьақәгылаз. Убри азы балтикатәи аҧшаҳәаҿы иҟоу ақалақь сара сзы игәакьоу қалақьхеит. Аҭаацәаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны Москваҟа схынҳәыр акәхеит. Сыҽхәом, аха иҳалшаз маҷым ҳәа сгәы иаанагоит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны ашьапылампыл асцәа қәыҧшцәа рааӡаразы аклуб «Балтика» Ацентр аусура аҿыцрақәа алагалара ҳалшеит. Уажәазы иара ҳаамҭа иақәшәо спортшколуп, акоманда хада азы ашьапылампыл асцәа рааӡара ишацхраауа азы агәра згоит»,- иҳәеит Беслан Аџьынџьал аклуб апресс-маҵзура иаиҭаз акомментари аҿы.

Иара «Балтика» аиҳабацәеи ацентр азыҟаҵаҩцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит игәра ахьыргаз азы, акоманда ақәҿиарақәа азеиӷьеишьеит.

«Исзааигәоу «Балтика» иазеиӷьасшьоит апремьер-лигахь инеирц, калининградтәи ашьапылампыл абзиабаҩцәа ргәаҳәара ҟаларц», - иҳәеит Беслан Аџьынџьал.

Ашьапылампылтә клуб «Балтика» аиҳабыра иҭабуп ҳәа иарҳәоит Беслан Аџьынџьал алҵшәа бзиа змаз иусуразы, аҧхьаҟа ақәҿиарақәа изеиӷьаршьоит», - ҳәа аанацҳауеит калининградтәи «Балтика» аофициалтә саит аҟны.

Аинформациа азы: Беслан Аџьынџьал «Балтика» азы дыхәмаруан 1994-1999 шш. рзы, имҩаҧигеит 195 хәмарра, иҭаиршәит 16 мпыл.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
1
Анжела Кучуберия
Беслан и Руслан профессионалы и просто хорошие люди!!!! Побольше бы таких нам!!!!
Имя Цитировать 1
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений