Авторизация:

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Лыхнашҭа ихы алаирхәит

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Лыхнашҭа ихы алаирхәит
ффото: Аҧсныпресс
12 ноября 2023 16:11 588
Апсадгьыл-инфо, 12 ноября 2023 г.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Лыхнашҭа ихы алаирхәит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Лыхнашҭа ихы алаирхәит.

Аныҳәаҿы еизаз Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалара дырзаҧхьеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит: "Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит иахьа абра, аҭоурыхтә ҭыԥ аҟны еизаз зегьы, ишаԥу еиԥш ҭагалан ныҳәа азгәаҭаразы, Аԥсны  зегьы, аԥсуа жәлар зегьы ирыдныҳәаларц имҩахыҵыз зегьы!
Машәырны иҟамлаӡеит аҽаҩра аҭагалара аныҳәа Лыхнашҭа иахьымҩаԥысуа, ажәлар зегьы еидгыланы, ҭаацәарак еиԥш аныҳәа иахьаԥыло. Иахьа Аԥсны араионқәа зегьы рыҟнытә ара еизеит бзабааны ирԥылаз рааԥсара алҵшәақәа рцәыргақәҵаразы, иреиӷьу ҳатрадициақәа еиҭа ргәаларшәаразы.

Иахьа ара иааиз зегьы ирбоит ахандеира алҵшәақәа. Агәахәара унаҭоит аҽаҩра бзиа, Аԥсны ақыҭанхамҩа абарақьаҭра, аха еиҳагьы угәы еизнарҳауеит ҳажәлар анхара-анҵыра шрылшо, рџьабаа шырԥылаз анубо. Ара иаҳбо зегьы ҳкультура, ҳҵасқәа, ҳбызшәа еиқәырханы иахьаарго ҳқыҭақәа рыҟны инхо анхаҩы иааԥсара, иԥхӡаша иалҵшәоуп. Ари шәышықәсала еицакра ақәымкәа, еиқәырханы иааҳгалароуп.

Ҳажәлар акыр ауадаҩрақәа рхыргахьеит, уи шаҳаҭра азнауеит Лыхнашҭа, шәышықәса зхыҵуа ари аҭәаҵла. Иахьа ҳазегьы уаҵәтәи амш иахьаасҭа еиӷьхап ҳәа ҳгәыӷуеит. Сара агәра згоит аҿиара, аизҳара ыҟазарц азы ҳаидгыланы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳәа, ҳажәлар абра Лыхнашҭаҟны Аԥсны иҟалаз аизҳазыӷьара, абарақьаҭра лабҿаба ирбарц азы, ҳажәлар ибеиоу, насыԥ змоу, еизҳауа, иҿио ртәыла иаԥшәымацәаны иҟазарц азы.

Абзиара шәықәзааит иахьа аныҳәа иалахәу зегьы! Ҽаанбзиала шәнеиааит!"

Лыхнашҭа аныҳәа иалахуп аҧыза-министра Александр Анқәаб, Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа.




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений