Авторизация:

Даанкылоуп анаркотикатә маҭәашьарқәа рылаирҵәон ҳәа зыгәҩара рымоу

Даанкылоуп анаркотикатә маҭәашьарқәа рылаирҵәон ҳәа зыгәҩара рымоу
фото: МВД РА
14 декабря 2018 22:48 1167
Аҧсадгьыл-инфо, 14 2018 ш.  

Иаанкылаз идырбалеит 213 грамм агероин

Аҧсадгьыл-инфо, декабр 14 2018 ш. «Аҧшырацәа змоу ашарикқәа», ҳәа ахьӡырҵеит анаркотикатә маҭәашьарқәа алазырҵәоз ҳәа зыгәҩара рымоу Ҭаџьыкьысҭан атәылауаҩ иаанкыларазы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Феисбук аҿы рдаҟьаҿы иҟарҵаз аинформациа.

«Анаркотикатә маҭәашьарқәа ларарҵәара аконтроль азуразы аусбарҭа ахаҭарнакцәа аоперативтә информациа ирымаз агәаҭараан анаркотикатә маҭәашьарқәа раахәара, рыҵәахра, раларҵәара агәҩара рыманы декабр 14 рзы даанкылан аамҭала Аҟәа, Иналҭ-иҧа имҩаду аҿы инхо Ҭаџьыкьысҭан атәылауаҩ»,-ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

Иаанкылаз имхын аҭиразы ирмазеины иҟаз 213 грамм анаркотикатә маҭашьар. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Аексперттә-криминалисттә центр аҟны имырхыз амаҭәашьар агероин шаку шьақәыргылан.

Афото: Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений