Авторизация:

Керчтәи аполитехникатә коллеџь аҿы атҟәацра ҟалеит

Керчтәи аполитехникатә коллеџь аҿы атҟәацра ҟалеит
17 октября 2018 14:46 1928
Аҧсадгьыл-инфо, 17 2018 ш.  

Аусҭҵааратә еилакы Керч иҟалаз ахҭыс терактуп ҳәа иазгәанаҭеит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 17 2018 ш. Керчтәи атехникум аҿы иҧжәаз абомба 300 грамм атротил иаҟаран. Абри азы Лента.ру аинформациа роуит азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы.

Керчтәи аполитехникатә коллеџь аҿы октиабр 17 рзы иҟалеит атҟәацра, уи иахҟьаны 18-ҩык рыҧсҭазаара иалҵит, 50–ҩык ахәрақәа роуит, аанацҳауеит РИА Новости Крым.

Атерроризм иаҿагылоу амилаҭтә комитет аҿы ирымоу аинформациа ала, аколлеџь аҿы иҧыржәеит еилкаам артҟәацга. Аҭыҧан аус руеит аҳақьымцәа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи рхаҭарнакцәа. Ақалақь ахь инеит Крым ахада Сергеи Аксионови, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцовеи, аҵарадырра аминистр Ольга Василиевеи.

Керч иҟалаз атҟәацра теракуп ҳәа ирыҧхьаӡоит. Абри атәы ажурналистцәа иралҳәеит Урыстәылатәи Аусҭҵааратә еилакы ахаҭарнак Светлана Петренко, аанацҳауеит РИА Новости.

Атеракт ари аколлеџь аҿы аҵара зҵоз астудент еиҿикааит ҳәа аинформациа ыҟоуп. Иҟаиҵаз ацәгьаура ашьҭахь иара иҽишьит. Абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит Крым ахада Сергеи Аксионов.

«Ауаҩшьра ҟазҵаз аҧшьбатәи акурс астудент иоуп. Иара ихаҭагьы иҽишьит», - иҳәеит Крым ахада.

Иҟоу аинформациа ала, ари аҷкәын ааигәа ашәақь 12-тәи аколибр аахәаразы алшара иҭан, мышқәак раҧхьа иара иааихәеит 150 патрон, аанацҳауеит Регнум.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений