Авторизация:

Аладатәи арратә округ аруаа Аҧсны анеира ахьыуадаҩу аҭыҧқәа артҟәацгақәа рҟынтәи идрыцқьоит

Аладатәи арратә округ аруаа Аҧсны анеира ахьыуадаҩу аҭыҧқәа артҟәацгақәа рҟынтәи идрыцқьоит
7 ноября 2018 14:10 1237
Аҧсадгьыл-инфо, 7 2018 ш.  

Аруаа Нагвалоу, Гәдоуҭа, Ҵабал иахьрыҵаркуа 12 га ашьхатә ҭыҧқәеи амшын аҧшаҳәа иаду атерриториақәеи ррыцқьара рзыҧшуп

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 7 2018 ш. Арҵаратә шықәса ҿыц аҽазыҟаҵаразы иаздырхиоу аполигонқәа ррыцқьара иалахуп 30 цыра иҷыдоу атехника, урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп анџьныртә машьынақәа, атраншеитә машьынақәа БТМ-3, ахагаларатә кранқәа, аекскаваторқәа, асамосвалқәа.

Аҧсны иҟоу арратә база анџьныртә-сапиортә архәҭақәа рспециалистцәа аполигонқәа ррыцқьара напы адыркит.

Ирыҧшаауа артҟәацгатә маҭәашьарқәа иахьырбо аҭыҧаҿы иҧыржәалоит. Абри атәы аанацҳауеит ателеканал «Звезда».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений