Авторизация:

Викториа Какалиа ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат иреиӷьу аиҭагаҩцәа рхыҧхьаӡараҿ дыҟоуп

Викториа Какалиа ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат иреиӷьу аиҭагаҩцәа рхыҧхьаӡараҿ дыҟоуп
20 июля 2018 15:14 3018
Аҧсадгьыл-инфо, 20 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, иул 20 2018 ш.


«Изныкымкәа агәра згеит ииашоу апрофессиа шалысхыз. Иҭабуп хыхь иҟоу амч ду ас еиҧш иҟоу аамҭазы, сыҧсҭазаараҿы исҧылоу ауаа рзы», – ҳәа лыҩуеит Викториа Феисбук аҿы иҟоу лдаҟьаҿы.

Викториа Какалиа аҩбатәи аҭыҧ лгеит акомпаниа Lapwing адунеи ачемпионат анцоз дара рҿы аус зуаз аиҭагаҩцәа рыбжьара имҩаҧнагаз аконкурс аҿы. Ари акомпаниа адунеи ачемпионат аҿы vip-клиентцәа транспортла реиқәыршәара азҵаарақәа аӡбон.

«Адунеи зегьы аҟынтәи ауаа рацәажәара – урҭ ркультура, рҧсихологиа, рҵасқәа рыҭҵаара ауп иаанаго. Сара Аргентина, Мексика, Уругваи, Чили, Колумбиа, Перу, Никарагуа, Бразилиа, Саудтәи Аравиа, Марокко, Китаи, Иапониа рхаҭарнакцәа срыҿцәажәартә алшара сыман. Мексикатәи ашьапылампылтә команда акәзар, дара рабадырра Марадонеи FIFA президенти рабадырра аасҭа еиҳа имаҷны иаҵанакӡом. Усҟантәи сцәаныррақәа уажәгьы сыргәылакны срымоуп», – ҳәа лҳәоит Викториа.

Адунеи ачемпионат аҿы акомпаниа Lapwing аҟынтәи аус руан 220-ҩык инареиҳаны аиҭагаҩцәа. Зынӡа жәаҩык роуп иалыркааз.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений