Бориспольнтәи иааз, «Спрут» ҳәа ахьӡшьа змоу Артиом Кониакин дааныркылеит Шәачатәи аеоропрорт аҿы
Аҧсадгьыл-инфо, декабр 1 2018 ш. Украинатәи арратә ҧшыхәра агент Артиом Кониакин Шәачатәи аеропорт агәаҭаратә пункт аҿы аполициа данааныркылоз дрыцәцарц иҽазишәеит, аанацҳауеит «Кубанские новости».
«Октиабр 2018 шықәса рзы украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рыдҵала сара Ҭырқәтәылантәи Шәача сааит аурыс-аҧсуа ҳәааҿы аҧшыхәра мҩаҧызгарц, аҳәаахьчаратә режим еилыскаарц азы. Ари аус анагӡаразы 1000 долаар сырҭеит», - иҳәеит Кониакин ФСБ ахаҭарнакцәа аниацәажәоз.
Артиом Кониакин иҳәеит Урыстәылеи Аҧсни рҳәааҿы аконтрабандатә канал аиҿкаара аус шадырулоз.
ФСБ иамоу аинформациа ала, украинатәи амаҵзура ҷыдақәа аконтрабанда аканалқәа ирхылаҧшуеит. Убас, Румыниантәи Молдавиеи Украинеи рганахьала Урыстәылаҟа инеиуеит арыжәтәи аҭаҭыни. Уажәазы аконтрабандистцәа рплан аҿы иҟоуп амшын ала Румыниеи Аҧсни еимаздо амҩа, анаҩс Шәачантәи Урыстәылаҟа амҩа.
Артиом Кониакин Урыстәыла аҧшыхәра амҩаҧгара дахьымӡаӡеит, Украина аибашьра далахәӡамызт, убри азы иара аҩныҟа дрышьҭуеит Урыстәыла 15 шықәса алалара азин имамкәа, аанацҳауеит «Вести».
Аскриншот: вести.сайт