Аҧсадгьыл-инфо, 2 2018 ш.
Аҧсадгьыл-инфо, август 2 2018 ш. Амашьына дуқәа рныҟәара аамҭала аанкылара зыхҟьаз аҳауа аҭагылазаашьа ауп. Абри атәы аанацҳауеит Шәача ақалақь аофициалтә саит.
Шәача аганахь асааҭ 10 инаркны 22 сааҭ рҟынӡа иаркхоит атрасса А–147 «Џьубга – Шәача – Аҧсны Ареспублика аҳәаа» (актәи акилометр инаркны 212 км рҟынӡа), «Акурортә проспект адублиор» (1-16 км), «Адлер – Краснаиа Полиана», убас Адлер – акурорт «Альпика-Сервис» аучасток.
Ари алагалақәа акурорттә зона анаҩсгьы ақалақьқәа рыбжьаратәи (Волгограднтәи, Ростовнтәи Украинатәи аҳәааҟынӡа иҟоу) атрассақәагьы амҽханакуеит.
Аидара хьанҭа зқәу амашьынақәа ашоура рацәа аныҟо ирлас-ырласны ибжьысуеит. Амашьына ласқәа рыбжьысра уиаҟара амҩаду аҿы аҧырхага ҟарымҵозар, амашьына дуқәа атрассаҿы изрывымсуа амҩа адыркуеит.
Абри ауп амашьына хьанҭақәа рныҟәара ҽынла изаанкылоу, аанацҳауеит асаит sochi.com.