Авторизация:

Иқәхын арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи арҩышьыга злоу аҵиаақәеи

Иқәхын арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи арҩышьыга злоу аҵиаақәеи
19 февраля 2022 10:38 963
Аҧсадгьыл-инфо, 19 2022 ш.  

Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟны имҩаҧган арҩышьыгатәи, апсихотроптәи, арҩышьыга злоу аҵиаақәеи рықәхра иадҳәалаз аусмҩаҧгатә, дара 2017 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа аҭыҧ змаз ашьаусқәа рмаҭәартә шьақәырҕәҕәагас иҵәахны иҟаз роуп.

Урҭ рықәхразы, «Изакәанымкәа ҷыдалатәи ахылаҧшра змоу, арҩышьыгатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәеи, арҩышьыгатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәа рыҟаҵаразы ахархәара змоу амыругақәеи амаҭәарқәеи аикәыршара аҟынтә рылгареи, насгьы, урҭ амаҭәашьарқәа рыҵәахра, реимдара, рхархәара, рықәхра рзы Аинструкциа» апунктқәа 94-и 96-и инарықәршәаны Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба идҵала иаҧҵан акомиссиа ҷыда.

Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Руслан Ажьиба хантәаҩыс дызмаз акомиссиа аилазаараҿы иҟан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аиҟәшақәа рнапхгаҩцәа – аексперттә-криминалисттә центр, арҩышьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара хылаҧшра азҭо аусбарҭа , ААР ашьаусҧшаареи ахатәшәарҭадареи рзы аусбарҭақәа, Ареспублика апрокуратура Хада, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Аҧсны агәабзиарахьчара аминистрра, аекологиеи аҧсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы, аӡбара анагӡаҩцәа Рмаҵзура, иара убасгьы Аҧсны Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәа.


Акомиссиа иалахәыз идеилыркаан зықәхра азгәаҭаз амаҭәашьарқәа рыхьӡқәа, шаҟа ыҟаз (рыкапан, ршәага-зага) насгьы, урҭ зҭоуи, рыҵәахышеи рзы адыррақәа. Зықәхра азгәаҭаз ахкқәа зегьы амҳәыр раарханы анапынҵамҭақәа рыла ишьақәырҕәҕәан. Иааизакны иқәхын кьылаки бжаки инарзынаҧшуа даара иҕәҕәоу арҩышьыгатә маҭәашьарқәа – метадон, героин, мефедрон, 14 кьыла инарзынаҧшуа аныцә (марихуана), апсихотроптә маҭәашьарқәа, насгьы аблахкыга ачази, аблахкыга аҵиааи, шәкы инарзынаҧшуа аҵиаа аныцә ашьапқәеи.

Аҧсны ААР аҭҵаара-криминалисттә центр аҟны иҭҵааз, насгьы аӡбарҭақәа рықәҵарақәа рыла зықәхра азгәаҭаз арҩышьыгатәи, апсихотроптәи маҭәашьарқәеи, арҩышьыга злоу аҵиаақәеи рзы, хьыӡҳәалатәи асиа зыцҵаз АКТ шьақәыргылан.



 


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений