Авторизация:

Кациқыт ауахәама аадыртит

Кациқыт ауахәама аадыртит
11 октября 2018 17:48 2411
Аҧсадгьыл-инфо, 11 2018 ш.  

Хышықәсеи бжаки Гәылрыҧшь араион Кациқыҭ (Владимировка) ақыҭаҿы ауахәама ашьақәыргылара цон.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 11 2018 ш. Октиабр 11 рзы акыр шықәса рышьҭахь ари ауахәамаҿы аҧхьатәи анцәа иныҳәара мҩаҧысит.

Ауахәама ргылан 19-тәи ашәшықәсазы. Аҧсны аибашьра анцоз ауахәама ҧырҽит. Иӡит хәы змаӡамыз аиконақәа, аха иаанхеит ауахәама аҵәҵәа.

Ауахәама аиҭашьақыргыларазы аусурақәа хацыркын 2015 ш. рзы. Уи далагеит амонах Иракли. Иара иажәақәа рыла, ауахәама ашьақәыргыларазы аҧара еизыргон хәҭа-хәҭала. Ацхыраара ҟарҵон аҭыҧан инхо, иара убас аҧара змоу ауаа, араион администрациа, Аҧснытәи ауахәама.

Аҧара азымхара иахҟьаны аусурақәа изныкымкәа иааныркылон, аха есымша ацхыраара ҟазҵарц зҭахыз ауаа цәырҵуан.

Амонах Иракли 77 шықәса ихыҵуеит, Аҧсныҟа дааит Молдовантәи. Иара иҳәоит арахь иаара Анцәа шиаку изыбзоуроу.

«Зны Анцәа сиҳәеит исеиҳәарц, иҟасҵари, сабацари ҳәа. Иара исеиҳәеит: «Уца Аҧсныҟа». Сара усҟан исыздырӡомызт Аҧсны ахьыҟаз. Адрҩаҽны сҩагылан, амҩа сықәлеит», - иҳәоит Иракли.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений