Авторизация:

Аҳәынҭқарратә Думахь инашьҭуп Урыстәылеи Аҧсни рдипломқәа аицазхаҵаразы аиқәшаҳаҭра аратификациазы азакәан апроект

Аҳәынҭқарратә Думахь инашьҭуп Урыстәылеи Аҧсни рдипломқәа аицазхаҵаразы аиқәшаҳаҭра аратификациазы азакәан апроект
7 ноября 2018 16:45 1588
Аҧсадгьыл-инфо, 7 2018 ш.  

Аминистрцәа реилазаара Урыстәылеи Аҧсни реиҳабырақәа рыбжьара анапы зҵаҩыз аҵарадырреи аквалификациеи реицазхаҵаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа ҟарҵарц   рыднагалоит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 7 2018 ш. Ас еиҧш азакәан апроект Аҳәынҭқарратә Думахь инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит «Парламентскаиа газета».

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵаҩын Москва декабр 18 2017 ш. рзы. Адокумент аҿы иаҳәоит Урыстәылеи Аҧсни ирырҭо адипломқәа аҩ-ҳәынҭқарракгьы ишазхарҵало атәы. Арҭ адипломқәа змоу аҩ-ҳәынҭқаррак рҿы аҵара ацҵареи апрофессионалтә усура амҩаҧгарзи алшара роуеит.

Аиқәшаҳаҭраҿы Урыстәылатәи азакәанқәа иреиҧшым аҧҟарақәа арбоуп. Иаагозар, ҳәынҭқаррак аҿы ироуз аҵаразы адипломи, мамзаргьы аквалификациеи, урҭ ркопиақәеи, реиҭагақәеи, егьи ҳәынҭқаррак аҿы ирыдыркылар ауп уаҳа аршаҳаҭра аҭахымкәа. Убри аан, «Аҵарадырразы» Урыстәылатәи азакәан аҿы иаҳәоит аҵара иадҳәалоу даҽа ҳәынҭқаррак аҿы ироуз адокументқәа алегализациа иахысыр шакуә, убас аурыс бызшәахьы еиҭагазар шахәҭоу.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений