Авторизация:

ААУ аҿы апальмақәа рыхәшәтәразы аметодика ҿыц рхы иадырхәеит

ААУ аҿы апальмақәа рыхәшәтәразы аметодика ҿыц рхы иадырхәеит
2 ноября 2018 16:29 1292
Аҧсадгьыл-инфо, 2 2018 ш.  

Аҧсны аекологиа аинститут ААУ аҿы игыло апальмақәа рхылаҧшра ахахьы иагеит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 2 2018 ш. Аҧсны аекологиа аинститут аспециалистцәа ААУ аекологиа акафедра астуденцәеи урҭ рырҵаҩцәеи рыцырхырааны апальмақәа рыхәшәтәра напы адыркит. Ари акциа мҩаҧгахеит ООН иаҵанакуа ааглыхреи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара FAO иабзоураны. Дара Аҧсныҟа иаарышьҭит аспециалистцәа.

«Аҧсны апальма иаҧырхагоу ахәаҷа-маҷа ақәхразы аметодика ҿыцқәа ҳхы иаҳархәеит, убас Аекологиа аинститут аспециалистцәа рзы амастер-классқәа мҩаҧган. Иҳауз аҧышәа ҳхы иаҳарзәоит ауниверситет аҿы иҟоу апальмақа рыхәшәтәразы. Арҭ аҵлақәа еиқәҳархап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», - иҳәеит аинститут ахаҭарнак Михаил Қриа.

Аекологиа аинстиут ауниверситет аҟны игылоу апальмақәа реиқәырхара ахахьы иагеит.

«Аинститут аматериалтә-техникатә ҭагылазаашьа злаҟоу ала, иҵегьы амҽхак ырҭбааны аусурақәа мҩаҧаагартә еиҧш алшара ҳамаӡам. Ауниверситет аҿы игылоу апальмақәа чмазҩымхарц азы апрофилактикатә хәышәтәра ҳалагоит», - иҳәеит аинститут аусзуҩы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений