Авторизация:

Аҧсны апальмақәа ралагалареи рымҩангареи азин ыҟаӡам

Аҧсны апальмақәа ралагалареи рымҩангареи азин ыҟаӡам
фото: facebook/mikhail930
2 ноября 2018 19:56 1819
Аҧсадгьыл-инфо, 2 2018 ш.  

Аҧыза-министр Валери Бганба «Апальма иаҧырхагоу ахәаҷа-маҷақәа Аҧсны раларҵәара алмыршаразы» аусҧҟа инапы аҵаиҩит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 2 2018 ш. Аҧсны аҳәынҭқарра аҳәаа ала апальмақәа риагара алдмыршарц азы Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы анапы ианҵоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәыҭавтоинспекциеи аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭқарратә инспекциеи амҩаду «П,соу-Егры» аҿы апальмақәа рымҩангара алмыршара рнапы ианҵоуп.

Араионқәеи Аҟәа ақалақьи радминистрациақәа аҧхынтәи акафе-абунгалоқәа рҿы апальма амахәқәа рхы иадмырхәарц азы иахылаҧшлароуп.

Аусҧҟа анапы аҵаҩуп апальмақәа ирҧырхагоу ахәаҷа-маҷақәа Аҧсны раларҵәара аанкылазарц, аекологиатә шәарҭадара алыршареи, Аҧсны адекоративтә культурақәеи реиқәырхареи рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений