Авторизация:

Ауаа рзинқәа рыхьчаҩ Апрокуратура хадахьы ааҧхьара ҟалҵеит Тарсман иус азы ачынуаа рҳәамҭақәа ҭырҵаарц

Ауаа рзинқәа рыхьчаҩ Апрокуратура хадахьы ааҧхьара ҟалҵеит Тарсман иус азы ачынуаа рҳәамҭақәа ҭырҵаарц
фото: chp-apsny.org
8 ноября 2018 15:25 1637
Аҧсадгьыл-инфо, 8 2018 ш.  

Ауаа рзинқәа рыхьчаҩ Асида Шьаҟрыл ари аҩыза аҳәамҭа ҟалҵеит Аҧсны аҧыза-министр дахьҭахаз амҩатә машәыр азы аусҭҵаара имҩаҧысуа инамаданы

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 8 2018 ш. Аусӡбара ҟалаанӡа азинхьчаратә усбарҭақәак рхаҭарнакцәа аҧыза-министр дахьҭахаз амҩатә машәыр азы Тарсман Ҳ. З. ахара идҵаны аҳәамҭақәа ҟарҵеит, лҳәоит азинхьчаҩ.

«Ачынуаа, ргәаанагара анырҳәо ражәа иацклаҧшуазар ауп, аӡбарҭа иаӡбаанӡа ауаҩы ахара идҵара шамуа рдыруазароуп», - ргәалалыршәоит Асида Шьаҟрыл.

Ауаа рзинқәа рыхьчаҩ Апрокуратура хадахьы ааҧхьара ҟалҵеит Тарсман иус азы ачынуаа рҳәамҭақәа ҭырҵаарц Ашьауӷатә кодекс 288 астатиа инақәыршәаны, уаанӡа ииашамкәа ауаа ирыларҳәаз аинформациа шиашам аҳәаразы иаҭаху аусқәа рыдыркыларц.

Азинхьчаҩ иргәалалыршәоит, сентиабр 9 рзы абрифинг аҟны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба амашәыр аныҟалоз Тарсман арҩашьыгатә маҭәашьарқәа идкыланы дыҟан ҳәа шиҳәаз. Убри аҽны «Спутник Аҧсны» иҭыҵыз астатиаҿы (Апрокуратура хада аусзуҩы Амҷба Даур Фиодор-иҧа ириҭаз аинформациа ала) иаҳәон амашьына ВАЗ-2199 аҧсҟы зкыз Тарсман Ҳ. З. анаркотикқәа идкыланы дшыҟаз.

Анаҩс, сентаибр 12 2018 ш. рзы ателеканал «Абаза» аинтервиу азҭаз апрокурор хада ицхырааҩ Амҷба Д. Ф. иҳәеит Тарсман хәҭакахьала ахара сыдуп ҳәа шиҳәаз атәы. Сентаибр 21 рзы апрокурор хада ихаҭыҧуаҩ Ешсоу Какалиа Аҧсуа телехәаҧшра иаиҭаз аинтервиу аҿы амашәыр аныҟалоз аамҭазы Тарсман арҩашьыгатә маҭәашьарқәа идкыланы дшыҟамыз атә иҳәеит. Убри алагьы уаанҟа аминистри апрокурор хада ицхырааҩи ирҳәаз шиашамыз иҳәеит.

Ауаа рзинхьчаҩ убас иазгәалҭоит ачынуаа рҳәамҭақәа Аҧсны Аконституциа 22 астатиеи жәларбжьаратәи ауаа рзинқәа рзы азеиҧш декларациеи шеиларго.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений