Авторизация:

Ажурналистцәа рабиҧарақәа реимадара

Ажурналистцәа рабиҧарақәа реимадара
3 ноября 2018 14:37 1910
Аҧсадгьыл-инфо, 3 2018 ш.  

Аҧсуа аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ашьақәгылареи аҿиареи ирхаану ажурналистцәа ргәалашәарақәа рзеиҭарҳәеит ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша астудентцәа

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 3 2018 ш. Абиҧарақәа реимадара. Абас ахьӡын Аҧсуа телерадиокампаниа 40 шықәса ахыҵра иазкыз аиҧылара. Уи иалахәын ААТРК ҧасатәи ахадацәа Владимир Занҭариеи Руслан Ҳашыги, ҧасатәи аусзуҩцәа Виачеслав Сақаниа, Владимир Ҳашба, Зураб Аргәын, ажурналист Заира Ҵәыџьба, Аҧсуа радио аиҳабы Алина Ачба, акомпаниа аусзуҩцәа Анна Гәыниеи Сырма Ашәбеи.

Аиҧылара аиҿкааҩ, афилолгиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиа иазгәалҭеит ас еиҧш аиҧыларақәа шымҩаҧгалатәу абиҧарақәа реимадаразы. Лара лажәақәа рыла, аспециалистцәа ҿарацәа аиҳабацәа рҧышәа, рдыррақәа рымардарц рҭахуп.

Ателеканал «Абаза-ТВ» Руслан Ҳашыг ижурналистикатә практикаҿы аинтерес зҵоу ахҭысқәа игәалаиршәеит. Аҧсуа журналистцәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан рроль инаҵшьны иазгәеиҭеит. Дара ирылшеит Аҧсны зҭагылаз аинформациатә блокада аҧыхра. Рыҽрымардон аҳәаанырцәтәи аинформациатә агентрақа, урҭ аинформациа иаша рызнаргон.

«Аиашара аҳәара, апринцип амазаара - ари ҳапрофессиа шьагәыҭны иамуоп», - иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Ажурналистика апрофессиа иацу ауадаҩрақәа ртәы, урҭ риааира шаҭаху атәы далацәажәеит Зураб Аргәын. Иара акыр шықәса Аҧсуа телехәаҧшраҿы дикторс аус иуан. Зураб Аргәын иоуп август 14 1992 ш. рзы Аҧсны аибашьра ишалагаз ажәлар ирылазҳәаз.

«Сара даара исцәыцәгьан ишиашоу ицо аефир ала аибашьра иалагеит ҳәа ажәабжь хьанҭа рылаҳәара. Аха ари сара сусура, спрофессионалтә уалҧшьа акәын, игәалаиршәеит Зураб Аргәын. – Аибашьраан аус рыцызуан аҳәаанырцәтәи агентрақәа, Аҧсны иҟоу аинформациа рысҭон».

Владимир Занҭариа ирзеиҭеиҳәеит иара ААТРК аиҳабыс даныҟаз аамҭақәа ртәы.

«Афактқәа зегьы гәасҭон, еиҭагәасҭон. Дарбанзаалакгьы ажурналист аусура дацәымаашьозар ауп», – иҳәеит Владимир Занҭариа.

Аҧсуа журналистика аветеран Владимр Ҳашба иазгәеиҭеит иара аус аниуаз ААТРК аматериалтә-техникатә ҭагылазаашьа шҽеимыз.

«Ажурналистцәа уажәы иҟоу аҩыза алшарақәа рымаӡамызт. Убри аан, аусура шымариамызгьы, ҳус бзиа иаабон, ицәгьамкәангьы инаҳагӡон», - иҳәеит иара.

Аиҧылара ҩ-сааҭк инарзынаҧшуа ицон. Астудентцәа рырҵаҩы Екатерина Бебиа ас еиҧш аиҧылара ахьырзеиҿылкааз иҭабуп ҳәа ларҳәеит. Еицырдыруа ажурналистцәа рҧылараан дара ироуз аинформациа гәахәарыла ирыдыркылеит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений