Авторизация:

Шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа Turkish Airlines сынтәа ҧшьынтәуп ахараҧса ақәырҵоижьҭеи

Шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа Turkish Airlines сынтәа ҧшьынтәуп ахараҧса ақәырҵоижьҭеи
12 ноября 2018 11:08 1339
Аҧсадгьыл-инфо, 12 2018 ш.  

Ҭырқәтәылеи Аҧсни ртәылауаҩ Сҭампылҟа ддыргьежьит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 12 2018 ш. Авиакомпаниа Turkish Airlines даҽазнык изакәанымкәа ҩ-тәылауаҩрак змоу ауаа рныҟәгара иақәыркит, аанацҳауеит «Россиа. Кубань».

Сҭампылынтәи иааз ареис иҭаз рпаспортқәа ргәаҭараан аҳәаахьчаҩ дааникылеит Урыстәыла алалара азин змамыз ахаҵа.

Иара имаз аҩ-паспорткгьы аҳәаа ахысразы еиқәшәамызт. Аҧсны атәылауаҩ ипаспорт ҩышықәса раҧхьа аҽҳәара нҵәахьан, Ҭырқәтәыла атәылауаҩ ипаспорт акәзар, авиза ықәгылаӡамызт.

Ахаҵа дахьынтәиааз аеропорт ахь дыргьежьын. Авиакомпаниа 100 нызқь мааҭ ахараҧса ақәырҵеит, ҳәа аарыцҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә иҟоу ФСБ апресс-маҵзураҿы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений