Аҧсадгьыл-инфо, 19 2018 ш.
Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 19 2018 ш. Октиабр 19 2018 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы аӡбаҩ Ада Касланӡиа лхантәаҩрала Ҭемыр Бганба дҭактәуп ҳәа Аҟәатәи аӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа иашаӡам ҳәа адукат иҟаиҵаз ааҧхьара иахәаҧшит.
Акассациатә инстанциаҿы Аҟәатәи аӡбарҭа уаанӡа иаднакылаз аӡбамҭа амчра шамаз иаанрыжьит, аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбамҭа асаит.