Авторизация:

Рамзан Кадыров абизнесмен Иаковлев иҧшаара атәы далацәажәеит

Рамзан Кадыров абизнесмен Иаковлев иҧшаара атәы далацәажәеит
17 октября 2018 19:13 4140
Аҧсадгьыл-инфо, 17 2018 ш.  

Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, Чечентәыла ахада иабжьгаҩ Адам Делимханов Аҧсны ирӷьычыз петербургтәи абизнесмен Иаковлев иҧшаараҿы ацхыраара ҟаиҵеит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 17 2018 ш. Абри атәы Чечентәыла ахада иҩуеит telegram-канал аҿы, аанацҳауеит ателерадиокомпаниа «Грозныи».

«Ҳара ана-ара иҳаҳауеит «ҧшьынҩеижәатәи ашықәсқәа» ртәы, аха усҟантәи аамҭаз рхы иадырхәоз аметодқәа иахьагьы, урҭ 90-тәи ашықәсқәа ирхылҵыз, зхы иазырхәо ыҟоуп. Сынтәа аҧхын сара исыдҵаалеит абизнесмен Максим Иаковлев иҭынхацәа. Иара Аҧсны дырӷьычит. Амзызқәа ртәы уажәы салацәажәом. Еилкаауп, асовет мчра ахаантәи Аҧснытәи акурортқәа руак аҿы иҧсы ишьарц дшырымгаз. Иаковлев иҭынхацәа ирҳәон, уи иоужьразы аҧара рацәа рҭахуп ҳәа», - иҩуеит Рамзан Кадыров.

Чечентәыла ахада иҳәеит Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Адам Делимханов ари азҵаара аҭҵаара шидиҵаз, Иаковлев дахьыҟоу еилкаангьы иоушьҭра дацхраарц.

«Ари имариамыз процессын, аха ихадоу – Максим Иаковлев доурыжьит. Сара Адам Сулҭан-иҧа апроблема ахьииӡбаз азы иҭабуп ҳәа иасҳәоит, Максим Иаковлев иакәзар, иаарласны апсихологиатә реабилитациа дахысырц изеиӷьасшьоит. Ас еиҧш иҽеим аҭоурыхқәа Урыстәылеи уи аҩызцәас иамоу аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара иҟамлароуп», - иҳәоит Кадыров.

Петербургтәи абизнесмен Максим Иаковлев дырӷьычит иун 20 2018 ш. рзы, Афон ҿыц иҧсы анишьоз. Октиабр 7 рзы иара дызҭаз аҳаирплан Санкт-Петербургтәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений