Авторизация:

Зыҧсҭазаара ажәлар ирзызкыз: Лев Аҩӡба аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит

Зыҧсҭазаара ажәлар ирзызкыз: Лев Аҩӡба аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит
30 июля 2018 16:45 5091
Аҧсадгьыл-инфо, 30 2018 ш.  

Аҧсны ауаажәларра аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит аҳәынҭқарратә усзуҩы, 10 ш инареиҳаны Аҟәа араион ахадара напхгара азҭоз, Аҧсны Жәлар реизара а-4-тәи ааҧхьара адепутат Лев Аҩӡба. Апанихидеи алахьеиқәҵаратә митингги мҩаҧысит Аҟәа арҵаҩцәа рыҩнаҿы.

Аҧсадгьыл-инфо, иул 30 2018 ш. Аҧсуа жәлар рымаҵ аура зыҧсҭазаара азызкыз аӡә иакәны дихцәажәеит Лев Аҩӡба алахьеиқәҵаратә митинг аҿы ашәыҟәыҩҩы Анзор Мықәба.

«Уара уаасҭа еиҵбу ауаҩы уанихцәажәо аасҭа илахьеиқәҵаго акагьы ыҟаӡам. Лев Аҩӡба ауаа дырзааигәан, ауаа бзиа ибон. Иагьа аамҭа цахьазаргьы аӡәы аҭел дизасыр, иара ақәҿиимҭыр иуамызт, дагьицхраауан иоуз апроблема аӡбараҿы. Аҭаацәа рымацара ракәӡам, ари ауаҩ Аҧсны зегьы дацәыӡит», - иҳәеит Анзор Мықәба.

Лев Аҩӡба Ҭырқәтәыла дшыҟаз иаалырҟьан иҧсҭазаара далҵит. Анзор Мықәба иҳәеит Сҭампылтәи аҧсуа культуратә центр аҟны Ҭырқәтәыла зегьы аҟынтәи ҳџьынџьуаа еизаны Лев Аҩӡба дшынаскьаргаз.

«Лев Аҩӡба Ҭырқәтәыла инхо аӡәырҩы дырдыруан. Асовет аамҭазгьы, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзгьы еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә усура инапы иананыз инаркны иара илшоз ҟаиҵон Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора Аҧсныҟа ихынҳәырц азы», - иҳәеит Мықәба.

Адиаспора рхаҭарнак  Оқтаи Ҷкотуа Лев Аҩӡба насыҧ змаз уаҩын, ажәлар рыбзиабра иман ҳәа азгәеиҭеит.

«Ауаа рыбзиабара еиҳау мал ыҟаӡам. Уи зауз ахаан ҧсра иқәӡам. Лев Аҩӡба Аҧсны инхо адиаспора ргәаҿы даанхоит. Сара издыруеит ҩыџьа ауаа - Иури Аргәыни Лев Аҩӡбеи, зегь рзы иаартыз, иҳалалыз ауаа. Арепатриантцәа проблемак анроулак, иара изасуан, иаргьы урҭ дырхамыҵгылакәа иуамызт. Ауаа рзааигәахара иара иҧсҭазаара азикит. Лев Аҩӡба аҵыхәтәаны иҧыларц азы П,соу ицеит 40-ҩык арепатриантцәа рхаҭарнакцәа», - иҳәеит Оқтаи Ҷкотуа.

Аҩӡаа рыхьӡала амитинг аҿы дықәгылеит Валери Аҩӡба. Иара Лев Аҩӡба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагаразы иааз иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений