Авторизация:

Аилкаара зҭаху анашьҭымҭа

Аилкаара зҭаху анашьҭымҭа
9 ноября 2018 15:13 2233
Аҧсадгьыл-инфо, 9 2018 ш.  

Ноиабр 9 2018 ш. рзы Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа ршкол аҿы 50 ш. раҧхьа, октиабр 25 1968 ш. рзы ашкол аҭӡаҿы ирҵәахыз акапсула аадыртит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 9 2018 ш. Аҧхьаҟатәи абиҧарақәа рахь иҟарҵаз аҧсышәалеи урысшәалеи иҩыз ааҧхьара аартын ауаа адгаланы.

Акапсула иҭан иара аҭӡы ианадырҵоз аҽны акомсомол иаларҵоз апионерцәа рыхьӡқәа, рсахьақәа, ашкол аҿы уи аамҭазы аҵара зҵоз зегьы рыхьӡқәа, уи аамҭазы иҭыҵуаз агазеҭқәеи ажурналқәеи.

«Шәрыхәаҧш ҳсахьақәа, уаҟа шәара ижәдырыр шәылшоит шәыуацәа, шәгәакьацәа. Ҳхаҿқәа шәрыхәаҧш. Ҳалаҧш еиқәшәааит, усҟан шәара еилышәкаауеит ҳара шаҟа бзиа шәаабо, шәара шәыҧсҭазаара бзиахарц, насыҧ шәымазарц шаҟа иаҳҭахыз», - рыҩуан Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхаруаа ршкол аҵаҩцәа октиабр 25 1968 ш. рзы.

Уи аамҭазы имаҷуп 50 шықәса рышьҭахь акомсомолгьы, акоммунизмгьы, дара ахьынхоз аҳәынҭқаррагьы шыҟамлоз здыруаз ауаа. Ашәҟәаҿы ианырҵазгьы аиҳабацәа рыцхыраарада уажәтәи аҿар ишырзеилымкаауа.

«Ҳаҭыр зқәу ҳабиҧара ҿыцқәа, ҳара аҧхьаҟатәи ҳҩызцәа. Ҳара зны-зынла иаҳцәыхьанҭоуп, аха аҧхьаҟатәи амш азы, акоммунизм азы ҳахьынхо ҳаигәырӷьоит. Шәара ари ашәҟәы анаашәыртуа амш аҽны акомсомол шәышықәса ахыҵуеит. Аамҭа аестафета ҳара ҳҟынтәи ижәга, шәа шәышьҭахь иааиран иҟоу абиҧарақәагьы ирзыҟашәҵа ааҧхьара, избанзар акомсомол наунагӡа иҟоуп, ҳара ҳҿара шнаунагӡатәиу еиҧш», - абри аҩыза ахәыцрақәа рыман 50 ш. раҧхьа ашколхәыҷқәа.

Урҭ рыбжьара дыҟан уажәы Аҟәатәи ахәшәтәырҭаҿ акардилог хадас иҟоу Лиудмила Оҭырба.

«Усҟан зегьы даара агәырӷьара ацны иҟан. Уи аамҭаз аиҳарак арҭ аидеиақәа рыгәра ргон. Ари ашкол ҳаҩны иаҳзаҩызан. Сара, саҳәшьа еиҳабы Елена, агәыбжьанытә Алла ҳзы ари ашкол иадҳәалаз рацәоуп. Араҟа аҵара иҵон ҳаб, Аслан Тамшьыгә-иҧа, сан Аҧсны аҭоурых длырҵон. Уи аамҭазы Аҧсны аҭоурых ашколқәа рҿы иаҧхьаӡомызт. Уажәы гәырӷьароуп, аха ҳагәгьы ҳахьуеит. Ҳакласс аҿы ирацәаны итәамызт, аха ҳазегьы бзиа ҳаибабон, иҳацәцаз рацәоуп, иаанхаз иахьагьы ҳаиқәшәоит», - лҳәеит Лиудмила Оҭырба.

Лара иазгәалҭоит Григори Иван-иҧа Чыкәбар директорс дызмаз ашкол арҵаҩцәа даара ишырҵаҩцәа дуқәаз.

«Сара сгәанала, акыр сылҵны сҟалазар, ари ашкол ауп изыбзоуроу. Аинститутқәа ҳанырҭала ашкол аҿы иҳарҭаз афундамент закәыз еилаҳкаауа ҳалагеит. Ибзиаӡаз арҵаҩцәа ҳаман англыз бызшәазы, аматематика, ахимиа, афизика рзы, ҳакласстә напхгаҩы Ирина Роман-иҧҳа Ҭыжәба дырҵаҩ шьахәын, дуаҩ бзиан. Адиректор Григори Иван-иҧа Чыкәбар аӡәы иузиламҵоз рҵаҩын. Иара ҳара ҳаидикыларц азы иааилшоз зегьы ҟаиҵон. Ашьхарахь ҳаигон. Исгәалашәоит Приельбрусие иҭахаз ргәалашәаразы абаҟа ҳаргылахьан», - илгәалалыршәоит ашкол шықәсқәа Лиудмила Оҭырба.

Акапсула иҭаз аҧхьаҟатәи абиҧарақәа рахь анашьҭымҭақәа Ашьхарыуаа ршкол афоие аҟны иҟоуп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений