Авторизация:

Апассаџьыртә дәыӷба Аҟәа-Москва Адлер игылоуп

Апассаџьыртә дәыӷба Аҟәа-Москва Адлер игылоуп
26 октября 2018 02:16 1887
Аҧсадгьыл-инфо, 26 2018 ш.  

Адлер игылоу адәыӷба апассаџьырцәа асасааираҭқәа рыҿ ишәаҳҭоит ҳәа ирарҳәаз аҭыҧқәа ирзыҧшуп

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 26 2018 ш. Акомпаниа РЖД аҿы ирҳәахьан амҩан игылоу апассаџьырцәа рзы асасааирҭақәа шеиҿыркаауа, мамзаргьы аҳаирпланқәа рыла ауаа шырышьҭуа, аха уи аҭыҧан ауаа акрыфареи, аӡи рымаӡамкәа авагонқәа ирҭатәоуп. РЖД аҿы «Кавказски узел» акорреспондентцәа ирарҳәеит асасааирҭақәеи аҳаирпланқәеи рахь ицо рбилеҭқәеи рызҵаара аӡбара ишаҿу, рыкрыфара акәзар, ишрырҭахьо.

«Кавказски узел» аҿы ирымоу аинформациа ала, Краснодартәи атәылаҿацә аҟны амшцәгьа иахҟьаны аихамҩа ахьыбжьысыз азы 35 дәыӷба аангылеит.

Октиабр 24 рзы Аҟәантәи идәықәлаз адәыӷба апассаџьырцәа ирҳәоит дара аӡәгьы ишреимҳәаз амҩа шыҟам. Уажәы дара гылоуп «Олимпииски парк» астанциаҿы.

Аҟәа-Москва адәыӷба апассаџьырцәа дара ахьцараны иахьыҟаз рышьҭра азҵаара аӡбара ишаҿу рҳәеит Аҩада Кавказтәи аихамҩа апресс-маҵзураҿы.

Иҟоу амшцәгьа иахҟьаны Гориачи клиуч-Адлер амҩаҿы аиасра ахьалымшо азы, ари амаршурут ала абилеҭқәа рыҭира шаанкыло азы РЖД асаит аҿы аинформациа ҟарҵеит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений