Авторизация:

Аҳәынҭқарра ахьчаразы азеиҧштә милаҭтә еиҿкаара абизнесмен Геннади Санаиа иҧшааразы аиҳабыра аусқәа мҩаҧыргарц рыдырҵоит

Аҳәынҭқарра ахьчаразы азеиҧштә милаҭтә еиҿкаара абизнесмен Геннади Санаиа иҧшааразы аиҳабыра аусқәа мҩаҧыргарц рыдырҵоит
9 октября 2018 17:10 2360
Аҧсадгьыл-инфо, 9 2018 ш.  

Аҳәынҭқарра ахада Ҳаџьымба «зегьы бзиахоит» ҳәа агәраҳаргара иҟаиҵоз ада уаҳа абизнесмен дахьыҟоу атәы ҳәа аӡәгьы акагьы издырӡом, рҳәоит аиҿкаара аштаб иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 9 2018 ш. Иахьатәи амчраҿ иҟоу аиҳабыра ацәгьаура аҿагылара шрылымшо есааира иаабоит, аҳәоит Аҳәынҭқарра ахьчаразы азеиҧштә милаҭтә еиҿкаара аштаб иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.

«Уи арҵабыргуеит аурыс бизнесмен Максим Иаковлев Аҧсны иӷьычра. Еиуеиҧшым аинформациатә-массатә хархәагақәа иаарыцҳауеит иара иаушьҭра атәы. Рыцҳарас иҟалаз, абизнесмен иоушьҭра атәы Аҧсны иқәынхо аҳәаанырцәтәи апресса ала ауп ишырдырыз. Ҳҳәынҭқарра аимидж иаҧырхагоу арезонанс зауз ари ацәгьаура азы аофициалтә комментари ҳәа акагьы ҳмаҳаит.

Аҳәынҭқарра ахьчаразы азеиҧштә милаҭтә еиҿкаара аиҳабыра ари ацәгьаура ишақәнагоу иҭырҵаарц, ацәгьаура ҟазҵаз рыҧшаарц рыдырҵоит», - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Аиҿкаара убас август 24 рзы Аҧсны ирӷьычыз абизнесмен Геннади Санаиа иҧшааразы аиҳабыра иаҭаху аусқәа мҩаҧыргарц рыдырҵоит.

«Аҳәынҭқарра ахада Ҳаџьымба «зегьы бзиахоит» ҳәа агәраҳаргара иҟаиҵоз ада уаҳа абизнесмен дахьыҟоу атәы ҳәа аӡәгьы акагьы издырӡом. Алхрақәа раан Ҳаџьымба иҳәон иара амчрахь днеир Аҧсны азакәан аҧыжәара шаго. Рыцҳарас иҟалаз, ишаабо ала, иара инапхгарала ҳҳәынҭқарра ашәарҭара ахықә иқәзыргыло аусқәа имҩаҧусуеит», - аҳәоит аиҿкаара аштаб аҳәамҭаҿы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений