Авторизация:

Ауаажәларратә транспорт аҟны ауаа асабрада ныҟәырго иныҟәрымго агәаҭаразы ареидтә усмҩаҧгатәқәа ирыцҵоуп.

Ауаажәларратә транспорт аҟны ауаа асабрада ныҟәырго иныҟәрымго агәаҭаразы ареидтә усмҩаҧгатәқәа ирыцҵоуп.
скриншот видео МВД РА
26 января 2022 18:18 941
Аҧсадгьыл-инфо, 26 2022 ш.  

Аинфекциа алаҵәара аҿагыларазы, амедицинатә сабрадақәа ауаажәларратә ҭыҧқәа рҟны аныҟәгара хымҧадатәихеит, ҳәарада атранспорт аҟынгьы ари аҧҟара иқәныҟәалатәуп. Амилициа аусзуҩцәа имҩаҧырго аусмҩаҧгатәқәа раан атәылауаа иргәаладыршәоит ахатәхыхьчага амаҭәарқәа рныҟәгара аҭахны ишыҟоу, уи акороновирустә инфекциа рмыхьыртә аҟаҵара шалнаршо.

Асанитартә нормақәа ирықәныҟәо ирықәымныҟәо агәаҭара иазырхоу аусмҩаҧгатәқәа аҧсҭазаара ахырхарҭақәа зегьы аҵанакит. Убри аҟынтә агәаҭарақәа цоит атранспорт, ахәаахәҭырҭа ҭыҧқәа, ауаажәларратә крыфарҭақәа рҟны.

Аҧсны ААР аусурақәа мҩаҧнагоит «Ауааҧсыра акороновирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы» Атәыла Ахада жьырныҳәамза 24, 2022 шықәсазы инапы зҵеиҩыз аусҧҟа инақәыршәаны.


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений