Авторизация:

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҧсны аминистрра Краснодартәи рколлегацәа ацхыраара рыҭара иазхиоуп

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҧсны аминистрра Краснодартәи рколлегацәа ацхыраара рыҭара иазхиоуп
25 октября 2018 16:45 1942
Аҧсадгьыл-инфо, 25 2018 ш.  

Ацхыраара аҟаҵаразы ихиоуп 50-ҩык аспециалистцәеи жәа-цырак атехникеи

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 25 2018 ш. Октиабр 24 рзы Амшынеиқәа аҿықәаҿы иҟалаз амшцәгьа ахҟьа-ҧҟьақәа раҧыхразы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Краснодартәи рколлегацәа иаҭаху ацхыраара рыҭара иазхиоуп. Абри атәы иҳәеит аминистр Лев Кәыҵниа.

«Ацхыраара аҟаҵаразы ихиоуп 50-ҩык аминистрра аспециалистцәеи жәа-цырак атехникеи. Аҧсны аиҳабыра амшцәгьа иахҟьаны ааха зауз ауаа Аҧсны рыдкылара иазхиоуп», - ҳәа аанацҳауеит аминистрра асаит.

Аминистр убас иазгәеиҭеит Аҧсни Урыстәылеи рминистррақәа аимадара бзиа шрымоу, ирымоу аинформациа аоперативла ишеимырдоу.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений