Авторизация:

Лев Кәыҵниа: «Ҳара маҭәахәыда, былтәыда ҳаанхеит»

Лев Кәыҵниа: «Ҳара маҭәахәыда, былтәыда ҳаанхеит»
30 октября 2018 23:22 2240
Аҧсадгьыл-инфо, 30 2018 ш.  

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы 2019 ш. рзы аминистрра иарҭоу афинанстә цхыраара ацҵара мап шыркыз иҳәеит

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 30 2018 ш.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра абиуџьет 2018 ш. еи8шны иаанрыжьит. Абри атәы аанацҳауеит Абхазиа-Информ.

«Ҳара маҭәахәыда, былтәыда, апроект «Медицина катастроф» ада ҳаанхеит. Уи иаанаго, иааиауа ашықәс азы ҳара апроблема дуқәа ҳауеит ауп», - иҳәеит Лев Кәыҵниа.

Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иҳәеит аминистрра абиуџьет 24 миллион мааҭ иацырҵарц ишрыҳәаз, убас 47-ҩык аусзуҩцәа ҿыцқәа рыдыркыларц алшара роуртә, аха иахьазы 592-ҩык аус ахьыруа аминистрра иҵегьы аштатқәа реиҳатәра шрылымшо. Уи абиуџьет ишақәыӷәӷәо атәы иҳәеит аминистр.

Апроект «Медицина катастроф» акәзар, Нанба игәаанагарала, агәабзиарахьчареи Аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рзы аминистррақәа русеицуразы асхема шьақәдыргылар ауп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений