Авторизация:

Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит

Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
31 декабря 2023 17:40 872
Аҧсадгьыл-инфо, 31 2023 ш.  

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыц!   Ашықәс ҿыц ҳара иадаҳҳәалоит агәыӷра бзиақәа, ҳагәҭак бзиақәа рынагӡара.

Ииасуа 2023 шықәсазы акрызҵазкуа ахҭысқәа маҷмызт.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп шәаргьы ҳаргьы иҳалшаз, ҳзыхьӡаз азы. Аԥхьаҟа аамҭа иаҳнарбоит иааиуа ашықәс зеиԥшрахо.

Аԥсны Аҳәынҭқарра уаҵәтәи амш гәрагарала иахәаԥшуеит, аԥеиԥш бзиа иақәгәыӷуеит.

Абиԥарақәа реимадара, ажәытә традициақәеи аԥхьаҟатәи аԥсҭазаареи рхеибарҭәаара символра азнауеит ҳтәыла аҭоурых. Аԥсны Аҳәынҭқарра – зеиԥш ыҟам тәылоуп, иблахкыгоу аԥсабара, абеиара ара иқәынхо ауаа ирыбзоураны есааира иазҳауеит, иҿиоит.

Лассы ҳазҭало 2024-тәи ашықәс зегьы ҳгәыӷрақәа, ҳамч-ҳалша ирыцнаҵааит, иҟалааит лыҵшәа бзиа змоу апроектқәеи аартра ҿыцқәеи ирышықәсны.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Ииасуа ашықәс ишәнаҭаз абзиарақәа зегьы 2024 шықәсазы аихаҳара роуааит.

Ҽаанбзиала шәнеиааит».




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений