Авторизация:

Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Қьырса ныҳәа рыдиныҳәалеит

Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Қьырса ныҳәа рыдиныҳәалеит
7 января 2024 13:37 617
Аҧсадгьыл-инфо, 7 2024 ш.  

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Қьырса ныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Қьырса ныҳәа ду!

Ақьырсианиашахаҵара адунеи зегьы аҟнеиԥш, Аԥсынгьы иазгәарҭоит анцәахаҵара иацу алашареи агәыӷреи рызҭо Иаса Қьырса Иира амш.

Ҳауаажәлар реиҳараҩык рзы Қьырса еизааигәоу ауаа, ауа, аҭахы, аҭаацәарақәа еидызкыло ныҳәа лашоуп. Ари аҽны зегьы арыцҳаибашьара, аҳаҭыреиқәҵара, аилибакаара, аԥсадгьыл абзиабара уҳәа реиԥш иҟоу аҟазшьа бзиақәа, аҵасқәа еизааигәартәуеит.

Қьырса ныҳәа алԥха-агәыԥха рыгымзааит аҩнаҭақәа, агәабзиара, ахирра ацны инеиааит аҭаацәарақәа зегьы рыҟны!

Ҽаанбзиала!»

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений