Авторизация:

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аконституциа Амш рыдиныҳалеит

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аконституциа Амш рыдиныҳалеит
26 ноября 2026 09:50 227
Аҧсадгьыл-инфо, 26 2026 ш.  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы  Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аконституциа Амш рыдиныҳалеит.

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш!
Абҵарамза 26 рзы иазгәаҳҭоит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа шьақәнарӷәӷәеижьҭеи 32 шықәса аҵра. Аконституциа адкылара 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аԥсны жәлар иргаз Аиааира шьақәзырӷәӷәаз акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит. Азакәан хада Аԥсуа ҳәынҭқарра азиндырратә уасхырны иазышьҭаҵан, уи аԥышәара хьанҭақәа рышьҭахь зхьыԥшымра рылазҳәаз аԥсуа жәлар ргәазыҳәара аанарԥшит.
Аконституциа ареспублика аполитикатәии аекономикатәии система шьаҭас иамоуп. Уи адкыларала адунеитә уаажәларраҿы аекономикатә, асоциалтә, акультуратә ҿиаразы иамоу алшара назыгӡо зинтә ҳәынҭқаррак аҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра апозициақәа арӷәӷәеит. Аконституциа амчхара амахәҭақәа зегьы русуразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥхьаҟагьы арӷәӷәара, уи асуверенитет ашьақәырӷәӷәара, ҳтәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчара алнаршоит.
Иахьа ҳара иаҳуалуп Аконституциа ирыланаҳәаз хра злоу аԥҟарақәа рыхьчара. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа азинтә ҳәынҭқарразы имҩақәҵаганы, уи аҭышәынтәалара алзыршо акәны иҟазааит иахьагьы уаҵәгьы.
Ишәзеиӷьасшьоит зегьы агәабзиара, аихьӡарақәа».


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений