Авторизация:

Хьыбла Амҷба Берлин имҩаҧгаз аконференциа далахәын

Хьыбла Амҷба Берлин имҩаҧгаз аконференциа далахәын
18 октября 2018 14:44 1486
Аҧсадгьыл-инфо, 18 2018 ш.  

Октиабр 17 рзы Берлин имҩаҧысит «Аҭоурых ахьанҭара – арегионалтә конфликтқәеи Мрагыларатәи Европеи рҿы азакәан» захьӡыз аконференциа.  

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 18 2018 ш. Аконференциа еиҿыркааит мрагыларатәии жәларбжьаратәии аҭҵаарақәа рзы ацентр, Гердер иинститут, Леибниц иинститут. Уи лхы алалырхәит ФРГ иҟоу Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Хьыбла Амҷба.

Адокладқәа рҿы теманы иҟан мрагыларатәи аҳәынҭқаррақәеи Асовет еидгыла ашьҭахь еиҿкаахаз аҳәынҭқаррақәеи. Леибниц иинститут ахаҭарнак Себастиан Релитц иажәахә аконфликттә территориақәа ирызкын, хаҭала Аҧсны.

Хьыбла Амҷба адоклад аҿы иҟаҵаз аҳәамҭақәа рзы лгәаанагара лҳәеит, аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы ирымаз аинформациа халырҭәааит, ареспублика зҭагылоу жәларабжьаратәи аизолиациа атәы лҳәеит, убас идлырдырит женеватәи адискуссиақәа ирылаху аганқәа зықәшәо ауадаҩрақәа ртәы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений