Авторизация:

Аҟәа апальмақәа рыхәшәтәра иалагеит

Аҟәа апальмақәа рыхәшәтәра иалагеит
фото: сайт администрации Сухума
30 октября 2018 14:20 1428
Аҧсадгьыл-инфо, 30 2018 ш.  

Октиабр азы Аҟәа ачымазара зыхьхьаз жәа-пальмак хырҵәеит

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 30 2018 ш. Аспециалистцәа Леон имҩаду аҿы игылоу апальмақәа рыхәшәтәра иалагеит. Анаҩс Аидгылареи, Сахаровеи, Ахақәиҭра апарки рҿы игылоу апальмақәа рыхәшәтәра иалагоит. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь администрациа асаит.

Аекологцәа ахәаҷа-маҷа зшьуа апрепарат рыҧшааит, ақалақь акоммуналтә усбарҭа техникала еиқәдыршәеит. Апальмақәа зфо аҩныҵҟа иахьҭатәоу азы, хыхьла ахәшә ақәҭәара акагьы аанагаӡом. Апальма ахьазҳауа ақәцә аҿы атрубка ҭаргыланы ахәшә ҭарҭәалароуп, уи апальма зегьынџьара иалсырц азы», - иҳәеит Аҟәа ақалақь акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.

Апальмақәа зфо ахәаҷа Аҧсныҟа иаанагеит Шәачантәи. Уахь иара нанагеит аолимпиатә ргыларақәа раан. Аҧсны атерриториаҿы ахәаҷа раҧхьаӡа акәны ирбеит 2016 ш. рзы Цандрыҧшь аҳаблаҿы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений