Аҿар реимадара, аҵарадырратәи, агәыҳалалратәи апроектқәа рымҩаҧгара иазкуп аконфессиақәа реимадаразы Москватәи Урыстәылазегьтәи апатриарх иҿы еиҿкаау ауаажәларратә еидгыла
Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 24 2018 ш. Аидгыла аҿызаалоит аҵарадырра, агәыҳалалра, акультуратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара, жәларбжьаратәи асура, иҳәеит ТАСС аинтервиу азҭаз аидгыла ҿыц аиҳабы Инал Арӡынба.
"Ари асоциалтә проблемақәа ирҿу аконфессиақәа реимадаразы ауаажәларратә еиҿкаароуп. Ҳара иаҳҭахуп аҿар рполитика аганахьала ицәырҵуа азҵаарақәа еицаҳаӡбаларц, урҭ иахьазы акыр рыҵаркуеит», - иҳәеит ТАСС имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы Инал Арӡынба.
Иара иҳәеит аиҿкаара ҧшь-хырхарҭак рыла аус шауло: аҵарадырра, ацифровизациа, агәыҳалалра, акультуратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи жәларбжьаратәи аусуреи.
Иаагозар, иаарласны Калининград имҩаҧысран иҟоуп аекологиа ахьчара иазку аусмҩаҧгатәы, МГУ аҿы агуманитратә проблемақәа рыҭҵаара иазку анаукатә еидгыла аиҿкаара, адунеи аҳәынҭқаррақәа зегьы рҟынтәи иалахәхарц ахьрылшо аиашахаҵаратә дин хазҵоу аҿар рфорум.