Шәачатәи акурортқәа хҧа рҟынтәи ҩба иаку акарточка ски-пасс азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Аҧсадгьыл-инфо, декабр 4 2018 ш. Ауаа рыҧсшьара дырмариарц рыӡбеит «Роза Хутори» Ашьхатә-туристтә центр «Газпроми», аанацҳауеит Макс Портал.
Иаку ахә ала акарточка ски-пасс аазхәо ирылшоит аҩ-курортк ринфраструктурақәа рҿы рыҧсы ршьаларц, иара убас 135 км атрассақәа рхы иадырхәарц.
Изҭаху иалырхырц рылшоит еиуеиҧшым атарифқәа: зныктәи (мышкы рхы иадырхәар ауа акарточка), асезонтә абонемент (курортк аҿы ашьхатә сезон анаадыртуа инаркны иадыркаанӡа), мышқәак рзы абонемент (ҩымш инаркны бжьымшынӡа абонемент). Иаку ски-пасс аархәарц рылшоит «Газпроми» «Роза хутори» ркассақәа рҿы.
Аҧхьаҟа иаку асистема иалалар ауеит акурорт «Горки Город». Иаку азона алыршахоит аканаттә мҩа ҿыцқәа рыргылара ала, урҭ акурортқәа ртрассақәа еимардалоит.
Афото: "Газпром"