Авторизация:

Абомба атеатр аҿы

Абомба атеатр аҿы
10 октября 2018 20:12 2664
Аҧсадгьыл-инфо, 10 2018 ш.  

Октиабр 10, 18 сааҭ шыҟаз Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь еилкаам аӡәы аҭел дасны Аҧсуа драматә театр аҿы абомба аҵоуп ҳәа реиҳәеит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 10 2018 ш. Аинформациа шроуз, амчратә усбарҭақәа зегьы атеатр ахь инеит. Абомба аҧшаара рнапы аларкит амина аҵхыҩцәа, акинологцәа.

Ассаҭ 21 рзы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Саҭбеи Гындиа «Аҧсадгьыл-инфо» акорреспондент еиҳәеит аусбарҭақәа зегьы аусура ишаҿу, аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу.

22 сааҭ рзы аусбарҭа ҷыдақәа русура иацырҵон.

Аҭагызаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иҳәеит атеатр аҿы артҟәацга шыҟам агәра ргаанӡа дара араҟа аус шыруло.

«18 сааҭ шыҟаз Аҧсуа театр аҿы абомба аҵоуп ҳәа адырра ҳауит. Атеатр аҿы санааи, арахь Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа ааихьан. Ауаа ралгара аҭахӡамызт, избанзар. ари аамҭазы ахыбраҿы иҟаз рхыҧхьаӡара маҷын. Ҳминистрра аганахьала аҧшаарақәа ирылахуп амцарцәаҩцәа, аиқәырхаҩцәа, апиротехникцәа», - иҳәеит Лев Кәыҵниа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений