Аҧсадгьыл-инфо, 26 2026 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит.
«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш!
1994 шықәса абҵарамза 26 ҳтәыла аҭоурых ианылеит иҷыдоу хҭысны. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа адкылара ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы аамҭа ҿыц ахацыркра иазҳәоуп. Уи ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны жәлар ихьыԥшым аҳәынҭқарраҿы анхаразы ирымаз агәазыҳәара.
Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс уадаҩқәа раан ирыдыркылаз Азакәан Хада аԥсуа ҳәынҭқарра ауасхыр ӷәӷәа азышьҭанаҵеит, аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа апринципқәа шьақәнаргылеит, азин ахадара рыланаҳәеит, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи рзы ахәдықәҵара шауа атәы шьақәнарӷәӷәеит. Уи аҿы иҷыдоу аҭоурыхтә роль нарыгӡеит ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарратә мчра асистема ашьақәгылара напхгара азызуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет актәи ааԥхьара адепутатцәеи.
Аконституциа анормақәа зегьы ҵаҵӷәыс ирымоуп ҳажәлар рҭоурыхтә ԥышәа, шықәсарацәала иззықәԥоз ахақәиҭреи, аиашареи, аԥеиԥш бзиеи. Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳтәыла алахьынҵа ахала аҳәаақәҵара азин иахҭнаҳҵаз, ҳаҭыр ҷыдала ишрызнеитәу иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз.
Аконституциа ихадоу зинтә документны иахьыҟоу адагьы, уи аҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи ԥхьаҟа аҿиареи рзы акрызҵазкуа уасхырны иазышьҭаҵоуп. Иара аԥҟарақәеи апринципқәеи есыҽнытәи аԥсҭазаараҿы, аҳәынҭқарратә институтқәа рҿы, доусы ҳусураҿы имҩақәҵагазароуп.
Азакәан Хада ҳаҭыр ақәҵара, азин ԥыжәара аҭара, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рҿаԥхьа аҭакԥхықәра ҳзинтә культура иахәҭакны иҟалароуп. Абарҭ апринципқәа рыла ауп ишышьақәгылоу атәылауаа рзинқәа ахьыхьчоу, азакәанреи аиашареи ахьалыршоу, ауаҩы зегьы раасҭа ихә ахьыҳараку мчы змоу аҳәынҭқарра.
Агәра ганы сыҟоуп аконституциатә принципқәа гәык-ԥсыкала рзыҟазаара, азакәан ҳаҭыр ақәҵара, атәыла аԥеиԥш азы азеиԥш ҭакԥхықәра Ҳреспублика ԥхьаҟатәи аҿиара алзыршо шьаҭаны ишыҟало.
Ари аныҳәамш аҽны ҳџьынџьуаа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, агәабзиара, аманшәалара, аҳәоуеиқәшәара, уаҵәтәи амш агәрагара!»
ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ