Авторизация:

Аслан Бжьаниа дрыдышшылеит зыҧсҭазаара иалҵыз Лидиа Ҷкадуа лҭынхацәа

Аслан Бжьаниа дрыдышшылеит зыҧсҭазаара иалҵыз Лидиа Ҷкадуа лҭынхацәа
афото: Риҵа Сақаниа/Facebook
27 января 2021 15:55 856
Апсадгьыл-инфо, 27 января 2021 г.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа зыҧсҭазаара иалҵыз Лидиа Ҷкадуа лҭынхацәа дрыдышшылеит.

"Гәалсра дула срыдышшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз еицырдыруа аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, “Ахьӡ-Аҧша” аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Лидиа Платон-иҧҳа Ҷкадуа лҭынхацәа. Аҵарауаҩ ду лыҧхара цәыӡ дууп Аҧснытәи аҭҵаарадырразы. Лидиа Платон-иҧҳа лыхдырратә ҧсҭазаара зегь азылкит аҧсуеи абазеи бызшәақәа рыҭҵаара. Аҧсуа бызшәа асинтаксис, ажәахырҿиаара, алитаратуратә бызшәа ашьақәгылашьа уҳәа рыҭҵааразы ахә ашьара уадаҩуп ирымоу аҵак ду аҵарауаҩ лнапы иҵлыжьыз хыҧхьаӡара рацәала анаукатә усумҭақәа, арҵага шәҟәқәа. Лидиа Платон-иҧҳа Ҷкадуа, арҵаҩ ду, ауаҩы гәыраз лгәалашәара лаша дыздыруаз зегьы ргәаҿы наунагӡа иаанхоит", - аҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада идышшылараҿы.

Аҵарауаҩ Лидиа Платон-иҧҳа Ҷкадуа лыҧсҭазаара далҵит 91 шықәса дшырҭагылаз.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений