Авторизация:

Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿы дықугылеит

Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿы дықугылеит
афото: Б. Лагулаа
7 декабря 2022 13:01 341
Апсадгьыл-инфо, 7 декабря 2022 г.  

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿы дықугылеит.

Ахада иқугылараҿы иазгәеиҭеит:

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥҵара аҭоурых ҳара ҳазхьанарԥшуеит Аԥсны жәлар ашәарҭара ду ианҭагылаз аамҭа. 1992 шықәса Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, Лыхны ақыҭан имҩаԥысит раԥхьатәи аконгресс. Уи хықәкыс иаман зыԥсадгьыл ахьчараз игылаз ажәлар реидкылара.

Аконгресс иалшеит аԥсуа жәлар рлахьынҵазы ихадаз азҵаара аӡбара – адунеи иалаԥсаз аԥсуа-абаза жәлари, егьырҭ ҳаиашьаратә жәларқәеи реидкылара. Урҭ еидызкылоз идеианы иҟалеит Аԥсуа ҳәынҭқарра ахьчара.

Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Аконгресс аусура есааира аҽарҭбаауан. Аиԥыларақәа, ҳаԥсадгьыл азы ихадаз азҵаарақәа рылацәажәара мҩаԥысуан Аԥсны еиԥш, Ҟарачы-Черкесиатәи Ареспубликаҿы, Урыстәылатәи Афедерациа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Европа атәылақәа жәпакы рыҟны. Аконгресс ҟалеит адунеи аҿы инхо аԥсуа-абаза жәлар еидызкыло еиҿкаараны.

Адунеизегьтәи аԥсуа–абаза конгресс иамоу аихьӡара дуқәа зегь раԥхьа иргылан изыбзоуроу уи аиҿкаара ауасхыр аҿы игылаз аиҳабацәа роуп. Рџьабаа ахә ашәара уадаҩуп шықәсырацәала аконгресс напхгара азҭоз, зхы иамеигӡакәа уи амаҵ азызуаз Тарас Шамба, Иура Аргәын, Геннади Аламиа, Денис Чачхалиа, Џьамалеҭҭин Арӡынба, Бедиз Кәарцхиаԥҳа, Елҳан Кәаӡба, Сергеи Пазов, Мусса Екзекь уҳәа егьырҭ ҳажәлар рхаҭарнакцәа. Ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит иахьатәи амш иахьымӡаз ҳаиҳабацәа.

Угәы иамыхәар залшом иахьа Аконгресс анапхгараҿы иахьыҟоу ҳаиҳабацәа рԥышәа ду змырдаз аҿар. Иахьа дара Мусса Екзекь инапхгарала еиҿыркаауеит ҳбызшәеи, ҳмилаҭтә культуреи рзы аҵакы змоу аусқәа.

Аконгресс аҿаԥхьа иқәнаргыло аус хадақәа ируакыуп ҳадиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурых ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра, хџьынџьуаа Аԥсны аекономикатә, асоциалтә, акультуратә ҿиара ралархәра, аԥсуа абаза жәлар рмилаҭтә хаҿра аиқәырхара. Агәра сгоит, абарҭ аусқәа рынагӡараҿы аихьӡара дуқәа шаҳзыԥшу. Аконгресс еиднакыло аԥсуа–абаза жәлар ҳҭаацәара ду иазеиӷьысшьоит ақәҿиарақәа.

Ҳазну амҩа еицакра ақәымзааит!



 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений