Авторизация:

Арт-пленер «Аԥсны ҭагалантәи ашәыгақәа 2022» алахәылацәа адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьаршьеит

Арт-пленер «Аԥсны ҭагалантәи ашәыгақәа 2022» алахәылацәа адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьаршьеит
афото: ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша
9 ноября 2022 13:16 312
Апсадгьыл-инфо, 9 ноября 2022 г.  

Ноиабр 8 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазарақәа рфакультет аҟны имҩаԥысит VII Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥсны ҭагалантәи ашәыгақәа 2022» алахәылацәа адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьара ацеремониа. Апленер мҩаԥысуан октиабр 3 инаркны 12-нӡа, сынтәа иара азкын ААУ 90 шықәса ахыҵра, аанацҳауеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.

Аҟазарақәа рфакультет адекан инапынҵақәа назыгӡо Нугзар Логәуа иазгәеиҭеит: «Ҳара ҳзы сынтәатәи апленер даара акраҵанакуан, избанзар уи мҩаԥган ҳҵараиурҭа аиубилеитә шықәса аҳаҭыраз, убри аҟнытә ирацәаҩын ҳтәыла анҭыҵ, Урыстәыла арегионқәа рҟнытәи иаҳзааз асасцәа».

Нугзар Логәуа иажәақәа рыла, арт-пленерқәа рымҩаԥгара хықәкыс иамоуп асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рзанааҭтә ҩаӡара аизырҳара, рҵара иалагӡаны ироуа атеориатә дыррақәа апрактикаҿы рышьақәырӷәӷәара, аҧышәа аимдара.

«Аҟазарақәа рыҟәша сынтәа факультетны аҟалара еиҳагьы арҵаҩцәеи астудентцәеи аҭакԥхықәара ду рыднаҵоит», - иазгәеиҭеит афакультет анапхгаҩы.

Нугзар Логәуа ҷыдала иҭабуп ҳәа реиҳәеит апленер аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы ахы инаркны аҵыхәанӡа аџьабаа збаз зегьы.

VII Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥсны ҭагалантәи ашәыгақәа 2022» алҵшәақәа рыла 35-ҩык астудентцәа рнапаҿы ирыҭан адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи. Иара убасгьы аҳамҭақәа ранашьан аҟазарақәа рфакультет арҵаҩцәа.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ аҟазарақәа рфакультет арҵаҩцәеи астудентцәеи.



 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений