Авторизация:

«Аҧсадгьыл»: Ателехәаҧшра аинтерес аҵазароуп, обиективла аинформациа узнанагозар ауп»

«Аҧсадгьыл»: Ателехәаҧшра аинтерес аҵазароуп, обиективла аинформациа узнанагозар ауп»
6 ноября 2018 09:33 1438
Аҧсадгьыл-инфо, 6 2018 ш.  

Ноиабр 6 2018 шықәса рзы Аҧсуа телехәаҧшра 40 шықәса ахыҵит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 5 2018 ш. Ареспубликатә ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсадгьыл» Аҧсуа телехәаҧшра аколлектив аиубилеи рыдырныҳәалоит.

«40 шықәса раҧхьа, ноиабр 6 1978 шықәса рзы, Аҧсны иқәынхо ателербагақәа рыла аҧсшәа раҳарц, аҭыҧантәи ажәабжьқәа аҧсышәала ирарҳәалартә еиҧш алшара роуит. Ари амш иазыҧшыижьҭеи акрааҵуан. Ахҭыс алыршахеит аҧсуа жәлар рмилаҭтә қәҧара активистцәа рыбзоурала», - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.  

«Аҧсадгьыл» ахаҭарнакцәа Аҧсны аибашьраан Аҧсуа телехәаҧшра аусзуҩцәа профессионалла рхы шаадырҧшыз азгәарҭоит.

«Дара рпрофессионалтә уалҧшьа анагӡара анаҩсгьы абџьар шьҭыхны аҧсадгьыл ахьчаразы игылеит. Аибашьраан иҭахаз ажурналистцәа ргәалашәара аҿаҧхьа ҳхырхәоит», - азгәарҭоит «Аҧсадгьыл» ахаҭаранкцәа.

Аҧсуа телехәаҧшра ахәаҧшцәа зегьы рзы аинтерес аманы иҟаларц рзеиӷьаршьоит.

«Иахьа, адунеи иццакны ианеиҭаҵуа аамҭазы, аиелехәаҧшра аинтерес аҵазароуп, обиективла аинформациа узнанагозар ауп, ауаажәларра зегьы рҭахрақәа ирықәшәозар ауп. Амилаҭтә еиқәшаҳаҭра алыршаразы ателехәҧшра ароль дууп. Аҧсуа телехәаҧшра аефирахь ацәырҵра иазыҧшу ауаа рхыҧхьаӡара иагымхаларц рзеиӷьаҳшьоит», - аҳәоит адныҳәалараҿы.

 https://apsadgil.info/roo-apsadgil/news/apsadgyl-pozdravlyaet-abkhazskoe-televidenie-s-yubileem/

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений