Авторизация:

Александр Орлов-Кретчмер аҧыза-министр иҭахаразы: «Абыржәтәи аамҭазы, аҟәыӷара зегь раасҭа ианаҭаху»

Александр Орлов-Кретчмер аҧыза-министр иҭахаразы: «Абыржәтәи аамҭазы, аҟәыӷара зегь раасҭа ианаҭаху»
11 сентября 2018 17:10 3239
Аҧсадгьыл-инфо, 11 2018 ш.  

Аҧсны аҧыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара ргәы иалсит ауааажәлар. Асоциалтә ҳақәа рҿы дара Геннади Гагәылиа иҭаацәеи иҭынхацәеи гәалсрала ирыдышшылоит.

Ренат Карчаа, аполитолог: «Гәалсра дула исыдыскылеит Аҧсны аҧыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара. Дыздыруан хаҭала. 90-тәи ашықәсқәа рзы, аамҭа кьаҿк аус еицаҳуан. Ахаризма змаз, иӷәӷәаз хаҭаран. Ганрацәала аҧышәа ду змаз усуҩын. Срыдышшылоит иҭаацәа, иҭынхацәа, игәакьацәа. Игәалашәара лашаз!»

Витали Игнатиев, Приднестровие адәныҟатәи аусқәа рминистр:

«Приднестровие гәалсра дула ирыдыркылеит амҩатә машәыр аҿы пату зқәу Аҧсны аҳәынҭқарратә усзуҩы иҭахара. Геннади Гагәылиа иреиҳау аҳәынҭқарратә ҭыҧқәа рҿы инапынҵақәа қәҿиарала инаигӡон, Аҧсны дапатриот иашан. Иара иҧсҭазаара иалҵра – харҭәаашьа змам цәыӡуп. Приднестровие жәлар аиашьаратә Аҧсны жәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит». 

Зураб Смыр, адәныҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр:

«Аҧсны жәлар рҵеи ду игәалашәара лашаз! Г.Л. Гагәылиеи сареи 1992 ш. инаркны, аибашьра ашықәсқәа, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы аус еицаҳуан. Аибашьра анцоз иара инапхгарала Шәача ҳалахәын жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа. Уи иаман алҵшәа бзиа. Иара иаҧшьгарала, аибашьра анцоз Естониа, Литва сцахьан, урҭ аҳәынҭқарақәа реиҳабацәа сырҧыларц. Ацхыраара ҳарҭеит амедикаментқәа рыла.

Ари ауаҩ дкомпиутерын, иҧсахра ауӡом. Ҳара ҳаиццахьан Краснодар, Казан, Уфа, Маикоп. Геннади Леонид-иҧа дахьыҟазаалакгьы, зегьы еилырганы иҟан, иарбан еиҧыларазаалакгьы, ибзиаӡан имҩаҧысуан.

Аибашьраан Гагәылиа иҭаацәа асацәа дахьқәа рыдыркылон, Брунер, Козырев, Пастухов инадыркны, шамахамзар, аибашьра иалагылаз Аҧсны иаҭаауаз асацәа зегьы. Иҧшӡоу, асасдкылара бзиа змоу ҭаацәоуп, иҧшәма Заира, иҧҳа Асида, иҧа Асҭамыр. Сара исызхаҵом Шәара шәыҟам ҳәа. Сара ишәҿысҵааз рацәоуп. Убас иҧшӡаны шәыцәҳауан, убас ашьшьыҳәа ауаа шәырҽхәон, иуҭанарххон уусура ҩынтә еиӷьны унапы алаукырц. Шаҟа ирыцҳароузеи, аҧсҭазаара ас шәара шәахь ииашамкәа ахы ахьымҩаҧнагаз». 

Александр Орлов-Кретчмер, анаукақәа рдоктор, апрофессор:

«Ухахьы иузаамго, аҧышәа ду змоу аиҳабы итрагедиатәхаз иҭахара! Абыржәтәи аамҭазы, аҟәыӷара зегь раасҭа ианаҭаху. Зегь реиҳа илахьеиқәҵагоу – ари аҩыза акатастрофа ауаажәларра адеградациахь рхы архара иалҵшәаны иҟалеит. Геннади Гагәылиа ицара Аҧсны абиҧарақәа реиҭныҧсахлара апроблема арҵаруеит: ареспублика ззаанҳажьуада? Знапы ианаҳҵода? Шәазхәыц! Геннади Леонид-иҧа игәалашәара наунагӡатәыз!»

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений