Авторизация:

Афонд «Иаҳгәалашәоит» ахьӡала аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа ашықәс ҿыц рыдырныҳәалоит

Афонд «Иаҳгәалашәоит» ахьӡала аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа ашықәс ҿыц рыдырныҳәалоит
31 декабря 2023 13:19 702
Апсадгьыл-инфо, 31 декабря 2023 г.  

Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» ахьӡала аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа ашықәс ҿыц рыдырныҳәалоит.

«Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» ахьӡала ҳазҭало ашықәс ҿыц шәыдысныҳәалоит ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа – Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа инхо, зҭоурых ԥсадгьыл иазыхынҳәны Аԥсны инхогьы. Ҳмилаҭ ашәарҭара ианҭагылаз шәабдуцәеи шәабацәеи ишәыларааӡаз аԥсадгьыл Аԥсны ахь агәыблыра, абзиабара ирыбзоураны шәыԥсҭазаара, шәгәыбзиара шәамеигӡа аибашьра шәхы алашәырхәит, агәымшәара аашәырԥшит. Шәара шәыԥсҭазаарамҩа, шәхымҩаԥгашьа ҿырԥшыс иҟоуп еиҵагыло абиԥарақәа рзы. Шәџьабаа лҵшәадамхеит – Аԥсны ақәҿиарамҩа иануп.
Аныҳәа ду амш шәадныҳәалаз. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аманшәалара, ақәҿиара дуқәа. Ҽааныбзиала!» - аҳәоит афонд аиҳабы Леонид Лакербаиа иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

 


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений