Авторизация:

Аҧсны апальмақәа ықәӡаар ауеит

Аҧсны апальмақәа ықәӡаар ауеит
фото: сайт администрации Сухума
13 октября 2018 09:11 3951
Аҧсадгьыл-инфо, 13 2018 ш.  

Апальма иаҧырхагоу ахәаҷа-маҷақәа ирыхҟьаны акыр шықәса зхыҵуа аҵлақәа ақәӡаара иалагеит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 13 2018 ш. Аҟәа ацентр аҿы ихҵәоуп бжь-пальмак. Аботаника аинститут ахаҭарнакцәа аҵлақәа рҭагылазаашьа ангәарҭа ашьҭахь, акоммуналтә усбарҭа урҭ ршьапы ныҵакны ихырҵәарц рабжьыргеит. Апальмақәа рыхәшәтәра уашьҭа иауӡомызт.

Аҟәа акоммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Елена Атиопина лажәақәа рыла, ичмазҩыз апальмақәа ҧшьба администрациа аҧхьа игылаз роуп, егьырҭ хҧа Сахаров имҩаду аҿы игылан.

Иҟаҧшьу апальматә ҧынҵаду ҳәа изышьҭоу ахәаҷа апальмақәа зегьы афоит. Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар иажәақәа рыла, ари ахәаҷа Европагьы аҧхасҭа ҟанаҵахьеит. Иара Аҧсныҟа иааит Шәача аолимпиатә ргыларақәа анцоз. Уаҟагьы апальмақәа аҧхасҭа рнаҭахьеит.

«Аҵыхәтәантәи ҩышықәса ари ахәаҷа Аҧсны аҟазаара аҽарҭбаауеит. Иара Гагреи Аҟәеи ирбахьеит. Иаарласны ахәаҷа ашьразы аусқәа анымҩаҧгамха, апальмақәа зегьы ашәарҭара иҭагылоит», - иҳәеит Роман Дбар.

Апальматә ҧынҵаду адагьы Аҧсны иқәнагалеит даҽа хәаҷакгьы – уругваитәи апальматә мотылиок.

«Иара ҧарҧалыкь дууп, апальма аҩныҵҟа ҭнафаауеит. Арҭ аҩхәаҷакгьы Аҧсны пальмада иаанрыжьыр ауеит», - иҳәеит Аекологиа аинститут адиректор.

Апальматә хәаҷақәа апальма агәыцә бжьырхаанӡа аҵла ахимиатә препаратқә а рыла ахәшәтәра ауеит.

Аеколог иҳәеит аҧсабараҿы дара ықәызхуа аӷацәа макьана ишырмоуц.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений