Авторизация:

Аҟәа Ажәытә ҳаблаҿы ахәыҷқәа рзы аныҳәа еиҿкаан

Аҟәа Ажәытә ҳаблаҿы ахәыҷқәа рзы аныҳәа еиҿкаан
фото: sukhumcity.ru
9 июля 2020 14:57 954
Апсадгьыл-инфо, 9 июля 2020 г.  

Ажәытә ҳаблаҿы аҭаацәа рымши жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рымши еицазгәарҭеит. Ахәыҷқәа рымш ныҳәа адунеи аҿы иун мза аказы иазгәарҭоит, аха сынтәа апандемиа иахҟьаны уи ахыган.

Аҟәа ақалақьтә еизара адепутат Иракли Харчлааи аҳҭнықалақь ахадареи рыбзоурала ахәыҷқәа рзы еиҿкааз агәышьҭыхгатә усмҩаҧгатә иалахәын аҳабла зегьы.

Аҟәа ақалақь ахадара азеиҧш хаҿра арҽеира адепартамент абзоурала ахәыҷқәа рыхәмарырҭақәа ршәит, идырҿыцит. Жәларбжьаратәи аҧсуа-абаза аконгресс адгыларала аниматорцәа адыҧхьаланы ахәыҷқәа рзы аконцерттә программа еиҿкаан.

Аҳҭнықалақь ахадара изызҳауа абиҧара рзы аҭагылазаашьа бзиақәа раҧҵара ҭакҧхықәрала иазнеиуеит. Аҧхьаҟа ахәыҷқәа рыхәмарырҭақәа рхыҧхьаӡара шеизҳауа, аҧхын иалагӡаны апаркқәа рҿы аконцертқәа шырацәахо атәы азгәаиҭеит  Аҟәа ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.


«Ахәыҷқәа рыхәмарырҭақәа ртәы ҳҳәозар, Аҟәа ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыҧуаа, ҳаидтәаланы урҭ рхыҧхьаӡара аизырҳара атема изныкымкәа ҳалацәажәахьеит. Ахәыҷқәа ирыхәо акыр ҳзыҟаҵозар, уи агәахәара ду ҳнаҭоит. Ахәыҷқәеи аҭаацәеи рымш Аҧсны иқәынхо зегьы ирыдысныҳәалоит. Ҭаацәацыҧхьаӡа агәабзиара, агәамч, аилибакаара рзеиӷьасшьоит», - иҳәеит Авҭандил Сурманиӡе.

Аныҳәа ахьымҩаҧысуаз адәаҿы еизеит хыҧхьаӡара рацәала ауааҧсыра. Араҟа инхо рыдагьы, ааигәа игыло аҩнқәа рҟынтә амузыка абжьы заҳауаз зегьы рхәыҷқәа рыманы аныҳәахь имҩахыҵуан. Аныҳәа алахҿыхра ацны имҩаҧысит.




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений