Авторизация:

26 шықәса ҵуеит Гагра араион ақырҭуа ар рҟынтәи ахы иақәиҭуижьҭеи

26 шықәса ҵуеит Гагра араион ақырҭуа ар рҟынтәи ахы иақәиҭуижьҭеи
фото: about-planet
6 октября 2018 09:33 2415
Аҧсадгьыл-инфо, 6 2018 ш.  

Октиабр 6 1992 шықәса рзы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, Гагра араион ақырҭуа ир рҟынтәи ахы иақәиҭтәын. Аҧсуа аруаа Урыстәыла аҳәаахь инеит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 6 2018 ш. Гагра араион аҭарцәразы аплан аҟаҵара иалахәын Аҧсны арџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ, аполковник В. Аршба, ахьчаразы Аҳәынҭқарратә комитет аштаб аиҳабы, аполковник С. Сосналиев, Гагратәи афронт акомандаҟаҵаҩы С. Дбар.

«Буриа» ҳәа хьӡыс измаз Гагратәи аоперациа алагеит октиабр 1 1992 ш. рзы.

Октиабр 2 рзы Гагра ақалақь ақырҭуа рыр алцан. Уи ашьҭахь акомандаҟаҵаҩцәа ирыӡбеит ажәылара ааныркыларц, аруаа рыҧсы ддыршьарц азы.

Октиабр 3 рзы ақырҭуа рыр Гагра ақалақь алахысра иалагеит.

Октиабр 4 рзы Аҟәа имҩаҧгаз амитинг аҿы Едуард Шеварнаӡе иҳәеит Гагра Қырҭтәыла мрагыларатәи агәашәқәа ракәны иҟан, иагьаанхоит, уи ҳаргьежьыр ауп ҳәа.

Октиабр 5 рҽны ақырҭуа рыр ҳархәҭақәа ахьтәаз азааигәара атехника аизгара иалагеит. Асааҭ хәба инахысуаны асанатори «Украина» азааигәара аҧсуа рыр рылахысра иалагеит, аха ҧхьаҟа изымцеит. Аконтратака имҩаҧгаз иабзоураны дара рышьҭахьҟа икарцеит. Ақырҭқәа ртехника, рабџьар ааныжьны Гьечрыҧшь аганахь рхы дырхеит, хәҭақәак абнарахь еихеит, даҽа џьоукы П,соу ирсны рхы рыхьчеит. Октиабр 6 1992 ш. рзы, 6 сааҭки 40 минуҭи рзы Аҧсны абираҟ аҧсуа-аурыс ҳәааҿы иахашәыршәыруан.

Гагратәи аоперациа аҿы Дидгортәи, Цхалтубатәи, Русҭавтәи, Қәҭешьтәи, 101-тәи Гагратәи абаталионқәа цҟьан, убас Џьаба Иоселиании Гиа Каркарашвилии напгхара зырҭоз аелитатә архәҭақәа «Мхедрионии» «Тетри арцивии». Ақырҭқәа абџьар зкыз 4 000 ыҟан, 40 еиҳаны абронетехника, жәабала артиллериатә бџьари аминомиотқәеи, авиациа.

Гагра ахақәиҭраз аибашьраан ақырқәа ирымхын 35 цыра арратә техника, аминомиотқәа, жәабала артиллериатә қәыргыларақәа,аџьаҧҳаны рацәаны.

Аҧсуаа раганахьала абџьар зкыз 570-ҩык ракәын. Егьырҭ ирымаз ашәарыцагатә шәақәқәа ракәын. Арратә техника акәзар, аҧсуаа ирыман Т-55 ҩ-танкк, аполктә миномиотқәа ҩба.

Ажәылараан атрасса ала Гагра аганахьала ижәылон атанк №1. Уи аекпиаж аҿы иҟан акомандир Вианор Ашба. Амеханик-аныҟәцаҩ Владик Габниа, ахысҩы Ҭемыр Занҭариа, аиҵаҵаҩ Валери Мхонџьиа. Иара акомандирс дҟалеит Вианор Ашба ихәра ашьҭахь, иара иҭыҧан В. Гарзолиа.

Алаҳаӡы – Гагра аганахьала ицон Роман Гериа командирс дызмаз атанк №2. Уи иҭан Гена Смыр, Руслан Харабуа, Асҭамыр Агрба, Хамзат Исаев. 

Гагратәи аоперациа иалахәын ашьаҟауаа реибашьыгатә машьынақәа хҧа: Шамиль Аӡынба командирс дызмаз «06», Рафаель Амҧар командирс дызмаз «07» Витали Еныкь командирс дызмаз «08». БМП авзвод командаҟаҵаҩыс даман Лиониа Аҩӡба.

Иаҳарак ибзиан ихы ааирҧшит БМП-07 ахысҩы Роберт Кәарҷиа. Иара аҽны БМПқәа ҩба, МТЛБ, БРДМ, ашьаҟауаа зҭаз автобус ҭаирхеит. Роберт Кәарҷиа гагратәи амилициа ахыбра азааигәара дҭахоит.

Гагратәи аоперациаҿы иҭахеит 112-ҩык аҧсуа ар рхаҭарнакцәа, урҭ рахьынтә 15-ҩык хатәгәаҧхарала еибашьра иааз ракәын.

Гагратәи ажәыларатә аоперациа иабзоураны Аҧсны амацәаз аҭакра аҧырхын, Урыстәыла аҳәаахь амҩа аатит. Уи адагьы хыҧхьаӡаралеи бџьарлеи акыр ақырҭқәа ишаҧыргозгьы, аҧсуаа иҟарҵаз аҿагылара шлыҵшәадамыз адунеи зегьы идырбан.

Аиааира ааган раҧхьаӡа иргылан аҧсуа еибашьцәа, Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәа, Урытәыла егьырҭ арегионқәа рҟынтәи иааз, убас Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ргәымшәара иабзоуран.

Аинформациа аагоуп: Валикәа П,ачлиа, Гагратәи ажәыларатә аоперациа.

Валикәа П,ачлиа, Книга вечнои памиати. Аҟәа, 1997.

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений