Авторизация:

Аҳәынҭқарратә Дума Украиназы аҳәамҭа рыдрыкылеит: «Макьана аҽаанкылара ауеит»

Аҳәынҭқарратә Дума Украиназы аҳәамҭа рыдрыкылеит: «Макьана аҽаанкылара ауеит»
18 октября 2018 21:34 1252
Аҧсадгьыл-инфо, 18 2018 ш.  

Украина аҭагылазаашьа ахьеицәахаз, Украинатәи аиҳабыра рганахьала Донбасс абџьар ахархәаразы ашәарҭара ахьыҟоу азы Аҳәынҭқарратә Дума аҳәамҭа аднакылеит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 18 2018 ш. Украина аиҳабыра Урыстәыла иаҿагылан еиуеиҧшым аганқәа рыла ақәҧаразы Украина плацдармс аҟаҵара амҩа ианылеит. Абас аҳәоит Аҳәынҭқарратә Дума иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы, аанацҳауеит Адума асаит.

Адепутатцәа ҿырҧшыс иааргоит Аиашахаҵаратә уахәама аганахьала иҟаҵоу ашьаҿақәа, иагьазгәарҭоит Украина аиҳабыра Аиашахаҵаратә уахәама ҵыршәаарц шырҭаху.

«Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа хьаас имкыкәа, Украина ар Донбасс реизгара, ашьрақәа, алахысрақәа ирҿуп, изныкымкәа атерактқәа рыла рхықәкқәа нарыгӡахьеит, - аҳәоит акомментари аҿы.

«Украина террористтә ҳәынҭқаррахеит, Украина иахьатәи аиҳабыра Александр Захарченкои егьырҭ Донбасс аҧацәеи аҧҳацәеи ршьала рнапы ҟьашьуп», - рҳәоит адепутатцәа.

Аҳәынҭқарратә Дума ааҧхьараҿы иаҳәоит Америкеи, егьырҭ НАТО аҳәынҭқаррақәеи Украина абџьар рыҭаны Урыстәыла ианаҿадыргыло, уи иаанаго Украина аиҳабыра рхатәы уааҧсыра ирҿадыргылоит ауп ҳәа.

«Донбасс аганахьала ҿыц зымҽхак ҭбаау аибашьра ианалага, Украина иаиоуеит аҭак, убасҟан уи алҵшәа даара иҽеим ахь икылнагоит», - рҳәоит адепутатцәа.

Аурыс-украинатә еизыҟазаашьақәа ранкыларазы аҭакҧхықәра Аҳәынҭқарратә Дума Украина иаднаҵоит.

«Макьаназ аҽаанкылара ауеит», - ҳәа агәаанагара рымоуп адепутатцәа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений